Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АРИТЕИЛ АЏЬАРМЫКЬА АЕКСПЕРТЦӘА РАССОЦИАЦИЕИ АУСЕИЦУРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ

Ахәаша, 04 Рашәара 2021 13:46 534

Аҟәа. Рашәарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатеи Урыстәылатәи аритеил аџьармыкьа аекспертцәа Рассоциациеи аусеицура азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аусмҩаԥгатә лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 4, 2021 шықәсанӡа имҩаԥысуа абизнеси амчреи рзы VII Жәларбжьаратәи афорум «Урыстәылатәи Аритеил амчыбжь» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.  Аԥсуа ган аҟынтәи аиқәшаҳаҭра лнапы аҵалҩит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа, урыстәылатәи аган аҟынтәи – Урыстәылатәи аритеил аџьармыкьа аекспертцәа Рассоциациа апрезидент, абизнеси амчреи рзы VII Жәларбжьаратәи афорум «Урыстәылатәи Аритеил амчыбжь» Анапхгараҭара адиректор  Андреи Карпов.

Аиқәшаҳаҭра анагӡара хықәкыс иҟаҵаны аганқәа абарҭ ахырхарҭақәа рыла аусеицура азԥхьагәарҭеит: 

- апрофильтә хырхарҭақәа рыла аспециалистцәа радыԥхьаларала арҵаратә семинарқәа, атренингқәа, уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи; 

- аҩганктәи аконсультациақәа, аусуратә еиԥыларақәа, атематикатә семинарқәа, астол гьежьқәа, уҳәа аҩганк рзы аинтерес зҵоу апроблемақәеи, аԥшьгарақәеи рыӡбара азы  ажәалагалақәа реиқәыршәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;

  - Урыстәылатәи аритеил (цыра-цырала ахәаахәҭра - аред. АП) аџьармыкьа аекспертцәа Рассоциациеи Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатеи Аԥсны иахьаҵанакуа еиԥш, Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуагьы, егьырҭ ахырхарҭақәагьы рыла уахь иналаҵаны, имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа  рахь аҩганк ахаҭарнакцәа радыԥхьалара.

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа Андреи Карпов абизнеси амчреи рзы Жәларбжьаратәи афорум «Урыстәылатәи Аритеил амчыбжь» абар шьҭа ҩынтәны зхы алазырхәуа аԥснытәи аусдкылаҩцәа рганахьала иааирԥшыз ахшыҩзышьҭреи иҟаиҵаз адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иалҳәеит.  «Аус шәыцура Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатеи аԥснытәи аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи аритеил аусхкы азы акадрқәа разыҟаҵареи иҿыцу атехнологиақәа ралагалареи, аконфликттә ҭагылазаашьақәа ииашаны оперативла рҭышәынтәалара, уҳәа ицәырҵуа  азҵаарақәа  еиҳа еффективла аӡбара аҿы акыр ицхыраара духоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Ҭамила Мерцхәлааԥҳа. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апрезидент лгәаанагарала, иарбоу аплошьадка адыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхра, цыра-цыралатәи ахәаахәҭра азы аџьармыкьеи уи иадҳәалоу аусхкқәеи ирылаху иԥхьагылоу урыстәылатәи аспециалистцәа рҟынтәи хра злоу абжьгарақәа раиура, иара убас  еицырдыруа аилазаарақәа ирымоу аԥышәа рымадара  азы хра злоу алшара аԥнаҵоит. Ҭамила Мерцхәлаа Андреи Карпов диҿцәажәо хаҭала иареи, аиҿкаара  иԥхьагылоу аекспертцәеи, ареспублика аҿы ишыҟоу аҵареи аҽазыҟаҵареи иазхиоу аԥснытәи аусдкылаҩцәеи анаплакҩцәеи рзы атематикатә сессиақәа реиҿкааразы Аԥсныҟа раара алыршара азҵаара дазааҭгылеит.   Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ареитингтә усура, акорпоротивтә зыҟаҵареи акоучинги ахырхарҭақәа рыҿиара, логистика еиԥш иҟоу, еиҳа адҵаалара змоу ахырхарҭақәа рыла аспециалистцәа рсистематә консолидациеи, IT-технологиа, амаркетинг, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.  Абизнеси амчреи рзы VII Жәларбжьаратәи афорум «Урыстәылатәи Аритеил амчыбжь» рхы аладырхәуеит Аԥсны Ахәаахәҭара-Ааглыхратә Палата алахәылацәа аус рыцура азы Аусбарҭа анапхгаҩы, Кира Зекир-оглы  анаплакқәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата алахәылацәа - «PREMIUM market» адиректор Лаура Гагәылиа, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа Расим Амқәаби Ҭемыр Миқааи, аҩнымаҭәа азы Ахәаахәтәратә Центр «Royall Мall» адиректор Хада.  

Афорум аусура ԥшьымШ ирылагӡаны урҭ атематикатә сессиақәеи астол гьежьқәеи ирҭаит.

Есышықәса иарбоу аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит ахәаахәҭра аусхкы аҿы анапхгара ахаҭарнакцәа, иԥхьагылоу ахәаахәҭратә каҭақәа атоп-менеџьерцәа,  баиер ҳәа изышьҭоу ҿыц иалагалахо, мамзаргьы еиҳарак аахәаҩцәа рҭаххрақәа здырҳәало атауарқәа ралкааразы аспециалистцәа, аҭыжьыҩцәа, аиқәыршәаҩцәа (аагаҩцәа), иара убас ахәаахәҭра аусхкы аналитикцәа.