Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХӘЫҶҚӘА РЫХЬЧАРА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АМШ АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА

Аҩаша, 01 Рашәара 2021 15:42 411

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2021. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш.

Аҧсҭазаараҿы зегьы ҳзы иреиҳау ҳамҭоуп, ҳгәаҵа насыԥла изырҭәуа акоуп аԥхарра зҵоу ахәыҷқәа рыччаҧшьи, агәырӷьа зҿықәу рхаҿсахьақәеи.

Ҳарҭ аиҳабацәа иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳхәыҷқәа рыԥсҭазаара насыҧла имҩасларазы, агәабзиара рымазаразы, адыррақәа рыҭаразы, аразра, аиашара, аԥшӡара рылааӡаразы.

Абри аныҳәа шьахә амш аҽны ҳхәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аҭынч ԥсҭазаара, анасыԥ. Еснагь рааигәа иҟазааит ирыхӡыӡаауа, гәцаракра рзызуа ранацәеи рабацәеи.

Шәыԥсынҵры дузааит, ԥеиԥш бзиа шәымазааит, акыр иаҧсоу ҳхәыҷқәа!» 

Last modified on Аҩаша, 01 Рашәара 2021 17:31