Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИРҾЫЦУ АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАРАЗЫ АРШАҲАҬГЕИ, АВТОТРАНСПОРТТӘ МЫРУГАҚӘА РЫШӘҞӘҬАГАЛАРАТӘ ТӘЫЛАУАҨШӘҞӘҚӘЕИ АХАРХӘАРАХЬ ИАЛАГАЛОУП

Ахәаша, 21 Лаҵара 2021 16:59 512

Ахәаша. Лаҵара 21. Аԥсныпресс.  Иахьа инаркны ААР Аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа  атранспорт ашәҟәы иахьҭаргало аҟәшаҟны, ирҿыцу автотранспорттә мыругақәа рышәҟәҭагаларатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара иалагеит.

Ас-еиҧш, асистема алагалара иалнаршоит еиуеиҧшым ахықәкқәа рынагӡара -  адокументқәа рыхьчаратә хаҭабзиара аҩаӡара ашьҭыхра, «Амҩатә ныҟәаразы» жәларбжьаратәи Аконвенциа иақәшәо аҟаҵара, иара убасгьы амашьынарныҟәцагатә ршаҳаҭгеи атраспорттә мыругазы адокументи ацифра ахархәарала агәаҭаразы алшара ҟанаҵоит. Убри аан иазгәаҭатәуп,  адокументқәа рыҟаҵара уадаҩра ҳәа акагьы шрыцым, аҧарахшәаара шаҭахым.

ААР аминистр Дмитри Дбар идҵала иахьатәи аамҭазы акыр аусқәа нагӡоуп атехникатә мыругақәа ахархәарахь рыҭаразы, урҭ роуп иалзыршо аформат ҿыц ала иаҧҵоу адокументқәа  ауааҧсыра рыҭара.

Автотранспорттә мыругақәа ашәҟәырҭагаларазы адокумент ишьақәыргылоу аформат иақәшәоит, аполиграфиатәи аголографиатәи дыргақәа рыла еиқәыршәоуп аламинациа азуп. Иара убас еиҧшҵәҟьа еиқәыршәоуп амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгагьы.

Адокументқәа аҩаӡарақәа 8 змоу ахьчара рымоуп, абланкқәа зегьы досу рхатә номер рыҭоуп, урҭ аультра-дәыкрыҧштәии  аинфраҟаҧшьтәии шәахәаушьҭраан ианыҧшуеит.

Адокументқәа рыбланкқәа ҳаамҭа иақәшәо амыругақәа рыла иҟаҵоуп, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәоит, ас-еиҧш иҧаршеиу адокументқәа рыхкьыҧхлаа аҟаҵара залыршахом.

Цәыббрамза 23, 2019 шықәса рзтәи Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала ишьақәырҕәҕәан абланкқәа рформат «ID-КАРТЫ», уи аус адырулеит ААРи Москватәи ЗҲәА «Раҧхьатәи акьыҧхь аҩныи», ари аилазаара ауп асистема ҿыц аларҵәаразы атехникатә усурақәа рыхәҭак мҩаҧызго. Анаҩсгьы, иара ауп зхаҭабзиара ҳаракыу, адунеитә стандартқәа ирықәшәо  аалыҵ аагара иадгыло.

Ари апроект аҳәынҭқарра аганахьала харџь ҳәа акагьы аҭахны иҟам. Иара аларҵәара алыршоуп ААР абазаҟны иҟоу амыругақәа рыла, аха маҷк урҭ реиҕьтәра абзоурала.

Абланк ҿыцқәа рхархәара алагара иаанагом уаанӡа ауаа ирымаз зегьы ҧсахтәуп ҳәа. Атәылауаа  адокумент ҿыцқәа инарываргыланы уаанӡа ироухьаз зыҿҳәара нымҵәац  адокументқәагьы рхы иадырхәалар рылшоит. Убасгьы, аҳәаа ахысра аан атәылауаҩы зыҿҳәара нымҵәац абланк ихы иаирхәозаргьы ҧынгыла ҳәа акагьы иоууам.

Иаарласны рыҭара иалагоит, иара убасгьы, амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭга ҿыцқәа. Урҭ, рыҧшра анаҩсгьы,  амҩаҟны аныҟәаразы  жәларбжьаратәи Аконвенциа аҟны амилаҭтә ршаҳаҭгақәа  рзы иарбоу аҧҟарақәа ирықәшәо рҵакгьы ҧсахыуп.

Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны, аҳәаанырцәи ҳҵакырадгьыли рҟны,  атәылауааи урҭ равтотранспорти  амҩатә ныҟәара иалахәхаразы  азин рыҭара иазырхоу аусмҩаҧгатәқәа нанагӡоит ААР Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭ

Last modified on Ахәаша, 21 Лаҵара 2021 17:11