Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ВИКТОР ГАЦАК ИГӘАЛАШӘАРА ИАЗКНЫ ИҨАԤГАХО ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АНАУКАТӘ АԤХЬАРАҚӘА «ААМҬА ИҬАГӠОУ АТРАДИЦИАҚӘА» АЛАХӘЫЛАЦӘА БЗИАЛА ШӘААБЕИТ ҲӘА РЕИҲӘЕИТ.

Ахаша, 02 Рашәара 2021 18:06 426

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аҿы «Аамҭа иҭагӡоу атрадициақәа» ҳәа хыс измоу  Виктор Гацак игәалашәара иазку Аҩбатәи Жәларбжьаратәи анаукатә аԥхьарақәа мҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжаниа ихьӡала афорум алахәылацәа рахь адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит анаукеи акультуреи рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ныгәзар Логәуа.

"Ҳаҭыр зқәу афорум алахәылацәа, асасцәа даӷьқәа! Виктор Михаил-иԥа Гацак игәалашәара иазкны имҩаԥгахо Аҩбатәи Жәларбжьаратәи анаукатә аԥхьарақәа «Аамҭа иҭагӡоу атрадициақәа» алахәылацәа зегьы гәык-ԥсыкала бзиала-шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Ари афорум амҩаԥгара ҳтәыла азы акыр аҵак ду амоуп. Уи еиҵагыло аҿар рзы рхатәы доуҳатә хәдуқәа еиҳа инарҵауланы рыҭҵаареи, адунеизегьтәи ацивилизациа бжьырацәала еилоу ахор аҿы ҳажәлар инанагӡо ароли реилкаара азы хра злоу лшараны иҟалоит.   Ҳара ҳазгәдууп ҳфольклортә школ еиқәырханы аагареи, уимоу, арҭбаареи аҿиареи ахьҳалҳаршаз. Еиҳарак агәахәара узцәырнагоит иарбоу анаукатә аԥхьарақәа рыпрограмма аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа ражәахәқәагьы ахьалагалоу. Аԥсны Анапхгара ас еиԥш иҟоу анаукатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иадгылоит, избан акәзар, урҭ анаукатә еимадара арӷәӷәареи аԥышәаеимадареи ӷәӷәала иацхраауеит. Виктор Михаил-иԥа Гацак игәалашәара иазкны имҩаԥгахо Аҩбатәи Жәларбжьаратәи анаукатә аԥхьарақәа «Аамҭа иҭагӡоу атрадициақәа» алахәылацәа зегьы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит қәҿиарала аусуреи аԥсуа дгьыл аҿы шәыҟазаара аҟынтәи ацәанырра бзиақәеи».