Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АТУРИСТЦӘА РЫДКЫЛАРА АОБИЕКТҚӘА РҾЫ АУСДКЫЛАРАТӘ УСУРА НАРЫГӠОИТ 445 ЕИҾКААРАҚӘЕИ ХАЗХАҬАЛАТӘИ АНАПЛАКҚӘЕИ

Ахәаша, 07 Лаҵара 2021 22:26 418

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Акурорттә  аамҭахәҭа  аҽазыҟаҵара  иазкыз  инарҭбаау аусуратә еилатәара  аҿы ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Мераб Логәуа напхгара зиҭо ахылаԥшырҭа 2019-2020 шықәсқәа рзы аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Атуристцәа рыдкылара аобиектқәа рҿы аусдкыларатә усура нарыгӡоит 445 еиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи анаплакқәеи.  Ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 26 144 рҟынӡа инаӡоит,  урҭ рахьынтә 107 аиуристтә хаҿқәа рҿы -16 986 шьҭаларҭа-ҭыԥ, 348 хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҿы – 9 158 шьҭаларҭа-ҭыԥ.  2019 шықәасзы  ишәоу ашәахтәқәа 265 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, 2020 шықәсазы – 140 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Атуристцәа рыдкылара знапы алаку аиҿкаарақәа зегьы рҟынтәи азеиԥш шәахтәқәҵара иаҵанакуеит 117 обиект, иҷыдоу ашәахтәқәҵара иаҵанакуа -242 обиект, ашәахтәқәҵара апатенттә система иаҵаанкуа 96 обиект. Ашәахтәқәҵаратә усбарҭа аҿы ашәҟәы иҭагалоу 81 еиҿкаара рҟынтәи атуристцәа рзы аекскурсиатә маҵзура нарыгӡоит 31 наплакы. 2019 шықәса азы иарбоу  аиҿкаарақәа  136 285-ҩык  рмаҵзура алдыршеит, урҭ иршәаз ашәахтә 4 млн.857 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, 2020 шықәса  рзы – 111 103 –ҩык атуристцәа, иршәаз ашәахтә азеиԥш еицҵалыҵ - 2 млн.872 нызықь мааҭ  рҟынӡа инаӡоит.  «2020 шықәсазы акурорттә аамҭахәҭа акыр анырра анаҭеит акоронавирусттә ҿкы чымазара апандемиа. Аҭыԥқәа рҿы хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа русура ахылаԥшра аҩаӡара аизырҳара иазку аусура мҩаԥысуеит»,- ҳәа иҳәеит Мераб Логәуа. Ҳазҭоу ашықәс 4-мыз ирылагӡаны абиуџьет иалагалоу ашәахтә шәатәқәа 128% рҟынӡа инаӡеит. Ишьақәырӷәӷәоу аплан ахыхь абиуџьет иалагалоуп 181 млн. мааҭ.