Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМҲАЏЬЫРАА РЫԤШАҲӘА АҾЫ АРХӘҬАҚӘА ШЬАҾЕИҚӘШӘАЛА РЫҚӘЫСРА АЗЫ АРЕПЕТИЦИА ХАДА МҨАԤЫСИТ

Ахәаша, 07 Лаҵара 2021 13:23 469

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 76 – шықәса ахыҵра иазкны архәҭақәа шьа-еиқәшәала рықәысра азы арепетициа хада мҩаԥысит.  Апарадттә  архәҭақәа шьаҿеиқәшәала арратә марш арҳәарала Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа, Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иқәсит.

Лаҵарамза 9 рзы иарбоу аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәраны иҟоуп Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә архәҭа, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура  Аҳәаахьчаратә Усбарҭа абыжьбатәи арратә база архәҭақәа. Апарад акомандаҟаҵара наигӡоит атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылоит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.  

Last modified on Ашәахьа, 17 Лаҵара 2021 17:32