Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АТУРИСТЦӘА РЫДКЫЛАРА АЗЫ АҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ

Ахәаша, 07 Лаҵара 2021 22:22 626

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп 1840 шьҭаларҭа ҭыԥ  ала ирхиоу 49 обиект. Аус руеит атуристтә фирмақәа 7, ауаажәларратә крыфарҭақәа 55, акаҳуажәырҭақәеи, ақьафурҭақәеи, акрыфарҭақәеи уахь иналаҵаны.  Аҟәа ақалақьи Аԥсны егьырҭ араионқәеи рышҟа амҩақәҵагақәа рыҭирҭақәа - 47. Абри азы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара  аҿы  адырра ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба. Уи иажәақәа рыла, ақалақтә маҵзурақәа зегьы ақалақь иааиуа атуристтә сезон азы аиқәыршәара мҩаԥыргоит. «Аҳҭнықалақь Ахадара иатәу акоммуналтә маҵзурақәа  арыцқаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит, арымӡқәа еиҭашьақәдыргылоит, уҳәа егьырҭ аусурақәа нарыгӡоит. Агәам-сам ақәгара иахәҭоу ахылаԥшра аҭоуп»,- ҳәа иҳәеит Беслан Ешба. Аҳҭнықалақь ахада иажәақәа рыла, аԥхынтәи  аамҭахәҭа азы атроллеибусқәа рныҟәара асааҭ 22:00 рҟынӡа иацҵахоит, автобусқәа русура акәзар – 20:00 рҟынӡа. Ақалақь агәы иалсны ицо амҩаду аиҭашьақәыргылара анбахыркәшахо ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Беслан Ешба иҳәеит: «Аексперт-харџьынҵатә документациа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы аекспертиза иахысит, иааиуа амчыбжь азы анардкыларатә еиҿкаареи ақалақь Ахадареи аиқәашаҳаҭра рыбжьарҵоит. «Аванс ҳазымԥшӡакәа ҳара ҳхатәы мчқәа рыла ҳазҭоу амыз инаркны аусурақәа хацҳаркуеит.

Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рхадацәа Иури Ҳагәышьи Баграҭ Боџьгәуеи акурорттә аамҭахәҭа активла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟарҵеит.   

Аилатәара мҩаԥызгоз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аусмҩаԥгатә аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит: «Ҳара зегьы акурорттә аамҭахәҭа иҳараку аҩаӡара аҿы  имҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳамоуп, хыԥхьаӡара рацәала асасцәа ҳарзыԥшуп.  Сара сгәаанагарала, иарбоу аетап аҿы ахылаԥшырҭақәа разыҟаҵара хар рамам ҳәа ахәшьара ауҭаратәы иҟоуп, аха убри аан  аҽырҭынчра аҭахны избом», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.  Уи иара убас аҳәынҭқарратә автоинспекциеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи автотуристцәа рганахьала ҷыдала ахшыҩзышьҭра аарԥшра азы азгәаҭарақәа ҟаиҵеит. Ҳарҭ аҭагылазаашьа бзиа аԥаҳҵароуп Аԥсны зыԥсы зшьаз ҩаԥхьа арахь ааразы агәазыҳәара роурц азы», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.