Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЛАҴАРАМЗА 20 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП АКЦИА «ИЦҚЬОУ АҚАЛАҚЬ»

Ахәаша, 07 Лаҵара 2021 13:14 448

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 20 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп акциа «Ицқьоу ақалақь». Ари инарҭбаау аусмҩаԥгатә  иазкын  аҳҭнықалақь  ахада Беслан Ешба аԥшьаша, лаҵарамза 6 рзы имҩаԥигаз инарҭбаау аусуратә еилатәара, ҳәа иаанацщауеит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа ақалақь аҩнусбарҭақәа  зегьы рнапхгаҩцәа, ақалақь  аиқәыршәазаара азы адепартаментқәа, анхамҩақәа реиҳабацәа злахәыз аусуратә еилатәара аҿы ақалақь ахада Беслан Ешба ақалақь ацқьара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы хар амам ҳәагьы узҳәаӡом ҳәа  инаҵшьны иазгәеиҭеит.  «Шәара зегьы шәахь ааԥхьара ҟасҵоит ақалақь аҭеиҭыԥш арҽеиреи ацқьара напы адкылареи рзы доусы ишәыду аҭакԥхықәра ишахъҭоу ала инашәыгӡаларц азы. Ари аетап аҿы иџьбароу акадртә ёӡбамҭақәа рыдкылара сҭахым»,- ҳәа иҳәеит Беслан Ешба. Ақалақь амуниципалтә унитартә Наплакы «Аиқәыршәазаара» аҟъшеиҵақәа рыбжьара хәҭа-хәҭала еихшоуп. Арҭ ахәҭақәа рнапхгаҩцәа ишеиҭарҳәаз ала, урҭ акадртә дефицит акыр ирныԥшуеит, аус зуа ауаа маҷуп. Аҭыԥантәи аусзуҩцәа анрыдыркыла ашьҭахь аусура алҵшәара каҳаит, ҳәа иазгәарҭеит дара. Урҭ ражъақәа рыла, акоронавирус апандемиеи аԥкратә унагӡатәқәа ралагалареи рышьҭахь, Абжьаратәи Азиа аӡынтәи аџьатә мигрантцәа ртәылақәа рахь ихынҳәны ацара иалагеит.  Аҭыԥантәи ауааԥсыра арыцқьаратә усурақәа рынагӡара митәык  ирҭахӡам, иалагаргьы, уи ишахәҭоу инарыгӡаӡом, убри аҟнытә Амуниципалтә Наплакы «Аиқәыршәазаара» лассы-лассы аусура ахь авакансиа аартра азы алаҳәарақәа ҟанаҵоит. Беслан Ешба аҩнеихагылақәа рааигәа-сигәа икажьу агәам-сами ажәырҭ ахыиааны иҟоу аҭыԥқәеи рзы  аҩнусбарҭақәа  рнапхгаҩцәа рахь акритикатә згәаҭарақәа ҟаиҵеит.  Беслан Ешба Араион ҿыц аҿы даара ишыҟьашьу, насгьы ари аҭагылазаашьа излауа ала  ирласны ишырҽеитәу азгәеиҭеит. «Изакәанымкәа иаԥҵахо агәам-сам каԥсарҭақәа ҟамлароуп. Цәыббрамза-30 амҩа аладахьала ирацәаны аҟамсар еизганы ишьҭоуп, уи иахьа уажәраанӡагьы иқәгамкәа иаанханы иҟоуп»,- ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада. Аилатәара аҿы иара убас иазгәаҭан ақалақь амҩадуқәа, апаркқәа, аԥшаҳәа иахьаҵанакуа,  уҳәа  ацқьара уахи-ҽни ишахылаԥшлатәу. Беслан Ешба иажәақәа рыла, мышкахьы знык аԥсареи аҟьамсар ақәгареи азхоны иҟам, ацқьара ацклаԥшра хымԥада иаҭахуп. Ас еиԥш аԥышәа адунеи зегьы аҿы иаԥуп. Сақәшаҳаҭуп, аусуцәа рхыԥхьаӡара маҷуп. Аха ацқьара ацклаԥшра хымԥадатәиуп.

Беслан Ешба Аҟәа ақалақь аҿы сезонла имҩаԥысуа аҵлақәа реилыхра ахшыҩзышьҭра аиҭеит. Ақалақь ахада иажәақәа рыла, иарбоу аусмҩаԥгатәқәа аекологиатә  лкаақәа рышьҭахь ауп рынагӡара аныҟало. Аӡәгьы џьаргьы хазхаҭалатәи ааԥхьарақәа рахь дцар ҟалаӡом», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Ешба.

Аҟәа ақалақь Ахадара иара убас ақалақь ауааԥсыра зегьы рахь лаҵарамза 20 рзы еиҿкаахо акциа «Ицқьоу ақалақь» активла рхы аладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. «Ари акциа еилкаарала шәазнеирц азы аҳәара ҟаҳҵоит. Аиуристтә хаҿқәеи аиҿкаарақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи зегьы рахь иарбоу акциа адгылара арҭарц азы ааԥхьара ҟаҳҵоит.  Аҩнусбарҭақәа араионқәа руааԥсыра иарбоу акциа амҩаԥгаразы адырра рыҭара рыхәҭоуп», - ҳәа  инаҵшьны иҳәеит Белан Ешба.  

Акциа амҩаԥгара аҽазыҟаҵара азы иазоужьуп ҩымчыбжь. Аҳҭнықалақь Ахадара апроект анагӡара аплан аус адулара мҩаԥнагоит, акциа амҩаԥгарахьы ицәырҵуа зегьы иахәҭоу аинвентарь ала еиқәыршәахоит, агәасамҭаԥсарҭақәа ргылахоит, еизгахо акьамсар зегьы иаразнак иқәгахоит. Аҳҭнықалақь ахада Амуниципалтә унитартә Наплакы  «Аиқәыршәазаара» анапхгаҩы лаҵарамза 9 аламҭалазы  Идырым Асолдаҭ ибаҟа ахьгылоу Амҳаџьыраа  Рыԥшаҳәа  аҿы арыцқьаратә усурақәа рзы иҟаиҵаз анапынҵақәа рынагӡашьа азы азҵаара ииҭеит. Саид Кәыр-иԥа ишеиҭаиҳәаз ала, аплафонқәа рыԥсахрагьы уахь иналаҵаны, ихымԥадатәиу аусурақәа зегьы ианаамҭоу имҩаԥгахоит.