Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

1941-1945 ШШ. АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА ДУӠӠА АҾЫ АИААИРА АМШНЫҲӘА 76-ШЫҚӘСА АХЫҴРА АЗГӘАҬАРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫПЛАН ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП

Аԥшьаша, 06 Лаҵара 2021 13:08 394

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 9 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 76 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы.

10:00–11:00 – Диоскураа рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аныҳәатә церемониа, амитинг.

11:00 - Диоскураа рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа шьаҿаеиқәшәала аруаа рықәсра мҩаԥгахоит.

13:00-15:00 – ахәыҷтәы ҟазара ашколқәа рааӡамҭацәа злаху аконцертқәа. Аниматорцәа злаху арлахҿыхратә программа. Ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ ааӡамҭацәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа (Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа, Баграҭ Шьынқәба ихьӡ зху апарк).

Лаҵарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иара убас 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 76 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысраны иҟоуп жәларбжьаратәи акциа «Ԥсра зқәым аполк».

09:00–09:40 -  Акциа иалаху Ахақәиҭра Ашҭаҿы реизара.

09:40–10:00 – аколонна аиқәыршәареи аиасра ахацыркреи. (Гәлиа имҩаду– Леон имюаду).

10:30- Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала аколоннада ахь ацәырҵра

11:00 – Диоскураа рыԥшаҳәа аҿы Идырым асолдат ибаҟа аҿаԥхьа аиасра.

Лаҵарамза 9 рзы имҩаԥысраны иҟоу маланыҟәала аисрала «Аиааиразы иҭабуп сабду» ҳәа хыс измоу акциа мҩаԥгахоит. Акциа амаршрут Аҟәа–Гәылрыԥшь–Аҟәа. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп 50-ҩык инарзынаԥшуа амаланыҟәаныҟәцаҩцәа.  Акциа алагоит Москватәи аамҭала асааҭ 14:00 рзы Москватәи акультура-усуратә центр «Москва Аҩны» аҟынтәи. 

14:00–15:30 – авелоколонна Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳабла аганахьала амҩа иацнаҵоит.

15:30-15:50 – аибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рыиашьаратә нышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

15:55–16:30 – авелоколонна Маҷара ақыҭа аганахьала амҩа иацнаҵоит.

16:35–16:45 -  Маҷара ақыҭан игылоу 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рмемориал  амҵан  ашәҭ  шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

16:55–17:40 – авелоколонна Аҟәа ақалақь ахь ахынҳәра.

17:40–18:00 – Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку агъәлашәаратә церемониа амҩаԥгара.