Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЛАҴАРАМЗА 9 РЗЫ АКЦИА «ԤСРА ЗҚӘЫМ АПОЛК» АҚАЛАҚЬҚӘА АҚӘА, ГӘДОУҬА, ОЧАМЧЫРА, ГАЛ ИМҨАԤЫСУЕИТ

Аԥшьаша, 06 Лаҵара 2021 13:05 398

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.  Акциа «Ԥсра зқәым аполк» мҩаԥысуеит лаҵарамза 9 рзы, ақалақьқәа Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал. Убри аан аԥкратә уснагӡатәқәа зегьы нагӡахоит. Абри азы адырра Аԥсныпресс ахь иааишьҭит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аусбарҭа ахаҭарнакра анапхгаҩы  Вадим Чеха. «Сынтәа  акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аԥсны имҩаԥысуеит. Убри аан ишьақәыргылоу аԥкрақәа зегьы рынагӡара хымԥадатәхоит. Акциақәа Аҟәа, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал ақалақьқәа рҿы имҩаԥгахоит. Акциа иалагоит ашьыжьымҭан асааҭ 10:00 рзы», – ҳәа иҳәеит Вадим Чеха.

Акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа иахҟьаны, 2020 шықәсазы акциа «Ԥсра зқәым аполк» онлаин режим ала имҩаԥган. Аԥсны «Ԥсра зқәым аполк-Аԥсны онлаин» аинтернет-портал «Аԥсны агъалашъара-ашъйъы» а=ы еи=каан. Акциа алахәхаразы асаит memory.apsny.land аҿы ашәҟәҭагалара мҩаԥгатәын, мамзаргьы асоциалтә каҭа Facebook аҿы иаарту агъыԥ «Аԥсны ԥсра зқәым аполк онлаин» ашҟа аветеран изку аинформациеи ифотосахьеи шьҭтәын. Акциа аиҿкааҩ, ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны иҟоу аурысцәа Реилазаара» ахантәаҩы Роман Риазанцев  Аԥсныпресс ахь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, онлаин-акциа сынтәагьы иацҵахоит, убри аҟнытә аныҟәара алахәхара злымшо зегьы акциа онлаин режим ала иалахәхар ҟалоит.