Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИААИУА АМЧЫБЖЬ ИНАРКНЫ АԤСНЫ АКОРОНАВИРУСТТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АҞЫНТӘИ АЛАҴАҚӘА РЫҞАҴАРА АЗԤХЬАГӘАҬАНЫ ИҞОУП

Ахаша, 05 Лаҵара 2021 17:02 554

Аҟәа. Лаҵарамза 5, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Раԥхьаӡа иргыланы алаҵа «Спутник-V» рзыҟаҵахоит ахәышәтәырҭақәеи арзҩыдатәратә усбарҭақәеи, асанториақәеи, аԥсшьарҭақәеи рҿы аус зуа амедицинатә усзуҩцәа, иара убас арҵаҩцәа, ҳәа Аԥныпресс ахь адырра ҟаиҵеит атәыла агъабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакьиа. «Уажәы ари алаҵа аинструкциа ишаҳәо ала иҷыдоу аҭагылазаашьақәа азыԥҵаны ашьҭаҵарҭаҿы ишьҭоуп. Ҳара анормативтә шәҟъынҵақәа ҳархиеит, урҭ рыла авакцинациа иадҳәалоу апроцедура алагара ҳәаақәҵахоит. Ари амчыбжь иалагӡаны ҳара аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥаагалоит, иааиуа амчыбжь иахымгакәа авакцинациа иадҳәалоу акампаниа хацҳаркуеит», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

«Ари алаҵа актәи апартиа ауп, актәи аетап шымҩаԥысуа ала анаҩстәи апартиа аагара азҵаара аӡбара мҩаԥысуеит», - ҳәа алкаа ҟаиҵеит Ҭамаз Цахнакьиа. 

Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны  30 нызықьҩык инарзынаԥшуа алаҵа роур, насгьы иахьазы ари ачымазара зхызгахьоу рхыԥхьаӡара 14 нызықьҩык рҟынӡа иахьынаӡо ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, уи иарбоу ачымазара алаҵәара аанкыларазы хра злоу лҵшәаны иуԥхьаӡар алшоит. Ҭамаз Цахнакьиа иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит, авакцинациа - ари хатәгәаԥхаралатәи уснагӡатәны ишыҟоу. «Спутник-V» аԥышәарақәа иахысхьоу, зхаҭабзиара ҳараку лаҵоуп, уи аеффективрагьы шьақәырӷәӷәоуп. Ҳара ауаҩы мчыла алаҵа изыҟаҵара ҳашьҭаӡам. Изҭаху ауаҩы иахәҭоу аинформациа иҭахоит. Алаҵа антитела ҳәа изышьҭоу рыҿиара иазырхоуп. Уи змоу ауаҩы дычмазаҩхаргьы, уи ачымазара ауадҩхара ацымкәа имарианы ихигоит. Еиҳарак ари алаҵа хымԥадатәиуп ашәарҭара агәыԥ иаҵанакуа ауаа - зықәрахь инеихьоу, ашьақар чымазара змоу, ашьа-ада чымазареи агәы ачымазареи змоу рзы. Ҳпациентцәа аӡәырҩы иахәҭоу атерапиа шымҩаԥгазгьы атромбчымазара иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит», - ҳәа иҳәеит аминистр. Апациент иахәҭоу аҩаӡара аҿы иҟоу антитела имазар, усҟан уи уажәазы алаҵа иҭахӡам.

Ҭамаз Цахнакьиа ишазгәеиҭаз ала, сынтәа COVID-19 аҿагыларазы иазоужьуп 50 млн. мааҭ. «Абиуџьеҭ ащәаақәа ирҭагӡаны 2021 шықәсазы акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагыларазы ишьақәырӷәӷәоуп 50 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо ахықәкытә программа. Арҭ аԥаратә хархәагақәа зегьы ахәшәқәа, аныхтә маҭәахәқәа (материалқәа), алабораториақәа рзы ареагентқәа, ПЦР-диагностикагьы уахь иналаҵаны, уҳәа COVID-19 аҿагыларазы иаҭаху зегьы раахәаразы иазкхоит», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Авакцинациа «Спутник- V» ҩ-етапкны имҩаԥысуеит. Урҭ ирыбжьахоит 21 мшы. Аҩбатәи аетап азы алаҵа икьаҿу акәымкуа акыраамҭатәи аиммунитет аиуразы  ихымԥадатәиуп. «Лаҵак ашьҭахь ауаҩы ицәа иалало антитела хымз инарзынаԥшуа иҟазаауеит, алаҵа аиҭаҟаҵра аеффект ашьақәырӷәӷәаразы иаҭахуп. COVID-19 азы антитела ауаҩы ицәеижь аҿы ишьақәгылоит 42 мшы ирылагӡаны», - ҳәа иҳәеит иара.  Иарбоу алаҵа 18 шықәса зхыҵхьоуи урҭ иреиҳабууи ауаа иҟарҵар ҟалоит. Зынӡа Аԥсныҟа иааргеит 6500 доза «Спутник-V», ари авакцина ҩ-хәҭакны иҟоуп, 6500 – ҩык рвакцинациа иазкуп.