Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА МОСКВАТӘИИ УРЫСТӘЫЛА ЗЕГЬТӘИИ ИԤШЬАӠОУ АПАТРИАРХ КИРИЛЛ МШАԤНЫҲӘА ЛАША ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Амҽыша, 02 Лаҵара 2021 16:21 275

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Москватәии Урыстәыла зегьтәии Иԥшьаӡоу Апатриарх Кирилл Мшаԥныҳәа лаша идиныҳәалеит.

 Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 «Шәара Шәыԥшьаӡазаара, Москватәии Урыстәыла зегьтәии

Иԥшьаӡоу Апатриарх Кирилл ! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ауаатәҩса абзиабареи аҳәоуеиқәшәареи рзаазго анцәахаҵареи аԥсҭазаареи ирныҳәоу Мшаԥы лаша аныҳәа.

Абри аныҳәамш аҽны Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ҷыдала рдоуҳатә акра ӷәӷәахоит.

Аурыс Иашахаҵаратә Ныха имҩаԥнаго аусура аҵакы дуӡӡоуп аиашахаҵаратә дунеи аҟны асоциалтә ҭышәынтәалареи аизыразреи рышьақәыргылараҟны.

Урыстәыла аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит  Анцәа илԥха, адоуҳамч, агәабзиара,  мшаԥныҳәазтәи агәырӷьара. 

Шәара Шәыԥшьаӡазаара, мшаԥазтәи  амшқәа ирхылҵуа алашара ишәнаҭааит агәеизҳара,  шықәсарацәала лыҵшәазмоу  анцәамаҵзура.

Агәра згоит Шәара имҩаԥыжәго акырӡа зҵазкуа аусқәа рыла Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа   ақьырсиан ҵасқәа шьаҭас измоу реиҩызареи рыгәреибагареи есааира ишыӷәӷәахало, ишыҿиало.

Игылаз Иаса Қьырса илԥха ишәнаҭааит агәамч, ақәранҵыра ду».