Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА АԤСНЫ ИҚӘЫНХО АИАШАХАҴАРА НЫҞӘЫЗГО АҚЬЫРСИАНЦӘА МШАԤНЫҲӘА ЛАША РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

Амҽыша, 02 Лаҵара 2021 09:29 250

Аҟәа. Лаҵарамза 02, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа Мшаԥныҳәа лаша рыдиныҳәалеит.

 Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны иқәынхо аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Амшаҧныҳәа лаша, Иаса Қьырса Игылара амш!

Амшаԥы - иҷыдоу, адинхаҵаҩцәа рыгәқәа бзиабарала, аразрала, гәырӷьарала изырҭәуа ныҳәоуп.

Амшаԥныҳәа жәытә-натәаахыс аԥсуаа зегь реиҳа бзиа ирбо,  инарҭбааны иазгәарҭо ныҳәоуп.

Ари амш аҽны ҩнаҭацыԥхьаӡа аныҳәа еишәа дырхиоит, агәылацәа, аҭынхацәа еиҭанаиааиуеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, ҩнаҭацыԥхьаӡа аизҳазыӷьара.   Зегь зымчу дахылаԥшлааит Аԥсынра!

Амшаҧы алԥха шәымазааит!

Ҽаанбзиала!».