Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

МШАҦЫМЗА 26 РЗЫ, РЗААНАҬТӘ НЫҲӘА АЗГӘАРҬЕИТ ААР ИААРЛАСНЫ АҬАГЫЛАЗААШЬА АҚӘҾЫҬРАЗЫ ҶЫДАЛАТӘИ АГӘЫҦ АУСЗУҨЦӘА

Ахаша, 28 Мшаҧы 2021 10:19 478

Аҟәа. Мшаԥы 28. Ахаша.  Мшаҧымза 26 рзы, рзаанаҭтә ныҳәа азгәарҭеит ААР иаарласны аҭагылазаашьа ақәҿыҭразы ҷыдалатәи агәыҧ аусзуҩцәа.

Змаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡара аҟны иалкааз ААР ҷыдалатәи агәыҧ аусзуҩцәа, аныҳәа инамаданы аминистр Дмитри Дбар чынла ишьҭыхыз афицарцәа апагонқәеи, аҳаҭыртә бҕьыцқәеи ранаишьеит.

Аминистр ари агәыҧ амаҵзурауаа аныҳәатә ҭагылазаашьа аҟны ирыдиныҳәалеит рзаанаҭтә мшы, ирзеиҕьаишьеит агәабзиара, агәамч, ачҳара ҕәҕәа, агәымшәара зцыу ахымҩаҧгашьа.

Дмитри Дбар ҷыдала иазгәеиҭеит, ААР ҷыдалатәи агәыҧ аусзуҩцәа рзы азаанаҭдырра акыр шаҵанакуа, иҳәеит дара еснагь рнапы злакыу аус гәыкала иазыҟазааларц шакәу, избанзар дара роуп изхьыҧшу атәылеи ажәлари ршәарҭадара, ауаажәларратә ҭынчра, азинмчы ашьақәгылара.

«Ҳара даара ашәара ҳшәықәгәыҕуеит, исҭахыуп шәџьабаа ахә ҳаракны изшьо  аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны аиҳабыра рыхьӡала ишәыдсныҳәаларац ари амш. Шәара ААР алыҧшаахқәа шәоуп, ишәыдаҳҳәалоит агәыҕра дуқәа, аманшәалара шәнапы злаку аус аҟны»- ҳәа азгәеиҭеит Дмитри Дбар.

ААР ҷыдалатәи агәыҧ акомандаҟаҵаҩы, аминистр ихаҭыҧуаҩ Рашь Ҵәыџьба  иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырҧшуа азаанаҭдырреи, аоперативреи, ҳәоуеиқәшәалатәи русуреи азы «Шәҭаацәагьы шәаргьы ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара ҕәҕәа, азаанаҭтә еизҳара, агәамчи агәабзиареи . Анцәа иҳәааит, анапхгара ҳҿаҧхьа иқәдыргыло аҳасабтәқәа зегьы қәҿиарала цәыӡ ҳамамкәаны инаҳагӡо». Рашь Ҵәыџьба, атәыла ахадеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри иҭабуп ҳәа реиҳәеит ирзыҟарҵо адгыларазы, уи жәаҳәарада ҳусура ианыҧшуеит ҳәа -азгәеиҭеит иара.

ААР ҷыдалатәи агәыҧ ауп изыдҵоу амилициа акриминалтә блок аиқәыршәара, иара убасгьы амассатәи, ахьчара зҭахыу аусмҩаҧгатәқәеи раан ауаажәларратә шәарҭадара аҧҵара знапы иану.  Иахьазы, иаарласны аҭагылазаашьа ақәҿыҭразы ҷыдалатәи агәыҧ , ААР егьырҭ аиҟәшақәа зегьы аус рыцнауеит. Ҷыдалатәи агәыҧ аусзуҩцәа ирыбзоуроуп акымкәа ацәгьоурақәа раҧырҟәҟәаара, ацәгьоуцәа раанкылара, изакәанымкәа арҩышьыгатә маҭәашьарқәа, абџьар  раларҵәара аанкылара. ААР ҷыдалатәи агәыҧахь аусура ирго ралкаара  даара иацклаҧшны ауп ишымҩаҧысуа. Ҷыдалатәи агәыҧ иалоу зегьы зыҧсихика ҭышәынтәалоу, маха- шьахала иҕәҕәоу, азыҟаҵара ҷыда змоу , аус аҟны игәаҭоу ауаа роуп.

Last modified on Ахаша, 28 Мшаҧы 2021 10:33