Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ЗЫҦСҬАЗААРА ИАЛҴЫЗ АҦСНЫ ЖӘЛАР РАРТИСТ ВАХТАНГ ВОЗБА ИҬААЦӘА ДРЫДЫШШЫЛЕИТ

Ахәаша, 04 Ԥхынкәын 2020 17:30 851

Аҟәа. Ԥхынҷқәын 4 . Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны жәлар рартист Вахтанг Возба иҭаацәа дрыдышшылеит.



Адышшыларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:

"Гәалсра дула срыдышшылоит  зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны жәлар рартист Вахтанг Возба иҭаацәа.

Аҟаза ду иҧхара цәыӡ дууп ҳмилаҭтә культуразы.

Вахтанг Иасыф-иҧа  асценаҿы иман даҽакы иаламҩашьоз  иҷыдоу ихатә хаҿсахьа, ихатә цәаҩа, иҟазара иацын аамысҭашәара. Уи хореографк иаҳасабала иаҧиҵоз ақәгыларақәа лагаламҭа дуны иҟалеит аҧсуа кәашара аҿиараҟны.

Вахтанг Возба инапы алакын аҿар рааӡара. Иара ибзоураны шәҩыла ахәыҷқәа ишьҭырхит ахаан азы ирылаиаӡааз амилаҭ кәашара абзиабара.

Иҟазара ҳараки, иуаҩреи, иламыси ирыбзоураны игәалашәара лаша рзынижьит дыззааҧсоз аҧсуа жәлар.

Иԥсаҭа бзиахааит!"

 

 

Last modified on Ахәаша, 04 Ԥхынкәын 2020 17:33