Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АКОНСТИТУЦИАТӘ ӠБАРҬА АЛАХӘЫЛАЦӘА ДЫРҦЫЛЕИТ  

Аԥшьаша, 26 Абҵара 2020 18:29 861

Аҟәа. Абҵара 26, 2020. Аԥсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконституциатә ӡбарҭа алахәылацәа дырҧылеит.

Аиҧылара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Саида Быҭәба.

Аиҧылара аартуа, Ахада иҳәеит:  "Ҳаҭыр зқәу Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аҳәынҭқарратә ныҳәа. Ишәзеиҕьасшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара. 

Ибзианы ижәдыруеит иахьатәи аныҳәа зызку.1994 шықәса абҵарамза 24 рзы ирыдыркылеит ҳҳәынҭқарра Азакәан хада. Абра дыҟоуп Аҧсны Аконституциа здызкылаз  Апарламент алахәыла, Аҧсны Жәлар Реизара -  Апарламент иахьатәи аилазаара  Аиҳабы Валери Кәарҷиа.  Аҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны, уи аҿиараҿы Аконституциа ихадароу аҭыҧ аанакылоит.  Шәара шәызлахәу аӡбарҭа аусура азкуп Аконституциа ахьчара, уи ақәныҟәарала аиламгара, ҳауаажәлар Аконституциа ирнаҭо рзинқәа рхылаҧшра.

Иахьатәи ҳаиҧылара  мҩаҧысуеит Аконституциа амш азгәаҭара аҽны. Сгәы иаанагоит, гәаартыла аицәажәаразы аҭагылазаашьа ҳауп ҳәа".

Аиҧылараҿы ирзааҭгылан Аконституциатә ӡбарҭа аусура иадҳәалоу азҵаарақәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа шьақәгылоуп хәҩык аӡбаҩцәа рыла: Нури Ҭаниа (Ахантәаҩы), Лиудмила Хоџьашвили, Диана Ҧлиа, Рауль Пантиа, Алиса Бигәаа.м

Last modified on Аԥшьаша, 26 Абҵара 2020 18:34