Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҦСНЫ ЖӘЛАР ИРЫДИНЫҲӘАЛЕИТ АКОНСТИТУЦИА АМШ

Аԥшьаша, 26 Абҵара 2020 12:15 871

 Аҟәа. Абҵара 26, 2020. Аԥсныпресс.   Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аконституциа Амш.

 Адынҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

 Ҳаҭыр зқәу ажәлар!   Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит  иахьатәи аныҳәа ду-Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш! 

Абҵара мза 26 1994 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылаз Азакуан хада ишьақәнарҕәҕәеит ҳажәлар ззықәҧоз, зықьҩыла Аҧсадгьыл аҵеицәа рхы зқәырҵаз Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара.  Уи инақәыршәаны Аҧсны ихьыҧшыму, адемократиатә ҿиара змоу ҳәынҭқарроуп.  Атәылауаҩ ихақәиҭреи изинқәа рыхьчареи аҧыжәара рымоуп.  Аконституиа ақәныҟәара, уи ишьақәнаргыло аҧҟарақәа аҳәынҭқарра аҧсҭазаараҿы аҧхьагылара рыҭара ҳуалуп Аҧсны жәлар зегьы. 

Аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит, аҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит, аамҭа ҳҿаҧхьа иқәнаргылоит адҵа ҿыцқәа. Убри ауп хықәкы хадас иамоу Аконституциа аҧсахрақәа ралагаларазы иаҧҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа.  Ихадоу ари аус аҟны аццакра ҟамлароуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳаиқәшаҳаҭны иҳадаҳкыло аиҭакрақәа  Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра арҕәҕәара, ҧхьаҟа ацара ишрызкхо.

Иҟалааит наунагӡа аҭынчра, аизыразра, аизҳара!

Аслан Бжьаниа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

 

 

                                                                     

Last modified on Аԥшьаша, 26 Абҵара 2020 18:37