Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА 1992 ШЫҚӘСА ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 14 РЗЫ ИҞАЛАЗ ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА ИНАМАДАНЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЫШҞА ААԤХЬАРА ҞАИҴЕИТ

Ашәахьа, 14 Ԥхынкәын 2020 11:21 933

Аҟәа. 14 Ԥхынҷқәын, 2020. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы иҟалаз Лаҭатәи атрагедиа инамаданы Аԥсны жәлар рышҟа ааԥхьара ҟаиҵеит.

« Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

Ԥхынҷкәынмза 14 аԥсуа жәлар ҳаҟанаҵы ахааназы ҳҭоурыхтә гәалашәараҿы хашҭра амамкәа инхо мшы еиқәаҵәоуп.

28 шықәса раҧхьа иҟалеит ҳаамҭазтәи Аҧсны аҭоурых аҿы зегь раасҭа игәыҭшьаагоу ахҭыс.  

Амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтә Гәдоуҭаҟа ауааҧсыра алызгоз авертолиот ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит Лаҭа ианахыҧраауаз. Уа иалаблит  85-ҩык ауаа - ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа. Агәрагара уадаҩын аҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭазы абри аҩыза агыгшәыгра згәаҕьуа ауаа адәы иқәуп ҳәа, аха  ҳаҧсадгьыл ҳамырхырц иҳақәлаз ампыҵахалаҩцәа иршаҭомызт ахәыҷқәагьы.

Наунагӡа ргәалашәара ҳацзаауеит гәымбылџьбарала иҭадырхыз ҳауаажәлар.  

Гәнаҳара змамыз амаалықьцәа ргәалашәара иҳаднаҵоит ари аҩыза ахлымӡаах уаҳа иҟамларц азы  агәҽыназаара, еснагь ҳазхиазароуп ҳхәыҷқәа, ҳажәлар, ҳаҧсадгьыл рыхьчара.

Рыҧсқәа ҭынчзааит хара змамкәа иҭархаз ҳауаажәлар, ҳхырхәоит урҭ ргәалашәара лаша аҿаҧхьа».

 
Last modified on Ашәахьа, 14 Ԥхынкәын 2020 11:28