Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА АХАДА АЛАН ГАГЛОЕВ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ БАДРА ГӘЫНБА ДИДИКЫЛЕИТ.

Ахаша, 25 Лаҵара 2022 18:10 73

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла Ахадас иалхыз инаугурациа иадҳәалоу ацеремониа алахәхаразы Цхьынвал инеиз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи  Ареспублика Ахада иофициалтә саит.  

Асас иҟаиҵаз ахшыҩзышьҭра азы иҭабуп ҳәа иаҳәо Алан Гаглоев аиашьаратә республика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аҩганктәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара дшақәгәӷуа иҳәеит.

«Аԥсуа жәлари Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан  Гьаргь-иԥа Бжьаниеи  ирзеиӷьасшьар сҭахуп аизҳазыӷьареи аҭынчреи хра злоу аҿиареи. Агәра згоит ҳусеицура аринахысгьы ишацҵахо», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ахәҭакахьала, Бадра Гәынба Алан Гаглоев иҟаиҵаз адкылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала  Аԥсны аҭаара азы ааԥхьара ииҭеит. 

«Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада имаҵураҭыԥ аанкылара шәыдысныҳәалоит, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аҭынчреи аизҳазыӷьареи.

Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи – еиԥшу алахьынҵа змоу ареспубликақәа роуп.  Ҳаидызкыло иҳаҩсыз аамҭа ԥхьаҟатәи ҳԥеиш ианыԥшлоит. Ҳара ҳажәҩахыр еибыҭа, ҳаидгыланы иҿыцу аихьӡарақәа раиура ҳҽазаҳшәалоит», – ҳәа иҳәеит иара.