Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АНАПХГАРАТӘ ДЕЛЕГАЦИА ШЬАМТӘЫЛАТӘИ АРАБТӘИ АРЕСПУБЛИКА ИАҬААИТ.

Ахаша, 25 Лаҵара 2022 18:36 62

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Владимир Ануа напхгара зиҭо Аԥсны анапхгаратә делегациа аофициалтә усуратә визитла Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҳҭнықалақь Дамаск иаҭааит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә Хаҭарнакра  анапхгаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьартәи акультура-усуратә Центр ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩы  Олег Барцыц.

Дамаск аҳаирбаӷәаза аҿы аԥснытәи аделегациа ирԥылеит  Иунус Хассан, Шьамтәыла арратә хылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.

Авизит апрограмма аҿы иҟоуп Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика атәылахьчара Аминистрреи  арратә усхкы аҿы аусеицура азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи, иара убас Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара аусеицура аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы рылацәажәареи.

Аԥсны анапхгаратә делегациа Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба ицны  Уалид Абаза Амаршьан иҭаацәа ирҭаараны иҟоуп. Иара убас  Уалид Абаза Амаршьани уи иԥшәмаԥҳәыс Џьансеҭ Казанбеи анышә иахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Иара убас ахылаԥшырҭабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи,  Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҟалеижьҭеи ԥшьышықәса аҵреи иазку аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭоуп.