Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСЛАН БАСАРИА: АИНВЕСТОР АԤСНЫ АЕНЕРГЕТИКАТӘ УСХКЫ АҾЫ ИҞОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИЗЫӠБАӠОМ.

Ахәаша, 20 Лаҵара 2022 17:41 81

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Амшынеиқәафымцамч» ԥыхьатәи адиректор Хада Аслан Басариа аенергетика апроблемақәеи аполитикатә зҵаарақәеи  реидкылара ахәҭоуп ҳәа изыԥхьаӡо дрықәшаҳаҭӡам. «Атәыла аенергетикатә шәарҭадара аполитикатә знеишьа акырӡа аҵак ду аҵоуп», - ҳәа Аԥсны аенергетикатә шәарҭадара азҵаарақәа рзы асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентри Аԥсны жәлар Рконгресси еиҿыркааз астол гьежь аҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.  

Аслан Басариа аенергетикатә шәарҭадара аспектқәа хԥа аликааит: аполитикатә, аекономикатә, атехногентә.

«Ҳара аенергетика аҿиаразы иахәҭоу аекономикатә лшарақәа ҳамаӡам. Аинвестор ҳара ҳапроблемақәа изыӡбашам.  Изҳәада аинвестор ҳапроблемақәа рыӡбара дазҿлымҳауп ҳәа? Уи ахашәалахәы алхра ауп ииҭаху. Аинвестор амилаҭтә шәарҭадара иадҳәалоу астратегиатә усхкы ахь данынаҳашьҭ, усҟан ҳара егьырҭ ашәарҭарақәа рыдагьы ианеиҵаха атарифҵәҟагьы  ашьақәыргылареи ахылаԥшра аҭареи рзы алшара ҳауӡом», - ҳәа иҳәеит иара.

 

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:40