Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСҬАМЫР АХБА АԤСНЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АЛАХӘЫЛАС ДҞАЛЕИТ.

Ахәаша, 20 Лаҵара 2022 12:18 61

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 20 рзы ауаажәларатә еиҿкаарақәеи аполитикатә парақәеи рҟынтәи Ауаажәларратә Палата ҩыџьа алахәылацәа инацҵаны ралхра мҩаԥысит. Инацҵаны алхрақәа рылаҳәан Ауаажәларратә Палата алахәылацәа руаӡәк– Ерик Рштуни Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс дахьалхызи, Надежда Венедиктова  лхатәгәаԥхарала Ауаажәлрратә Палата  аилазаара дахьалҵыз инамаданы.

Иҭацәыз ҩ-ҭыԥк рахь иқәыргылан еиуеиԥшым аполитикатәии ауаажәларатәи еиҿкаарақәа рҟынтәи 9 кандидатурак.

Имаӡоу абжьыҭира аихшьаалақәа рыла, Асҭамыр Ахба 32 бжьы рҟынтәи 21-ҩык рыбжьы иоуит. Убас  иара Ауаажәларратә Палата алахәылас далхыуп ҳәа иԥхьаӡоуп.  

Асҭамыр Ахба Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥсадгьыл» алахәылас дыҟоуп.

Ҩыџьа акандидатцәа еиҟараны абжьы роуит, урҭ рыбжьара аҩаша лаҵарамза 24 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит. 

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата азы» азакәан  ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны,  АП алахәылас дҟалар алшоит ҩажәи акы шықәса зхыҵхьоу Аԥсны атәылауаҩ. Ауаажәларратә Палата алахәылас дҟалар илшаӡом: Аҳәынҭқарра Ахада, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аӡбаҩцәа, аҳәынҭқарратә маҵураҭыԥқәа аанызкыло егьырҭ ахаҿқәа, аҭыԥантәи ахаланаԥхаратә усбарҭақәа рлахәылацәа.

Ауаажәларратә Палата Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу 13-ҩык Аԥсны атәылауаа, 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа, 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи  рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоуп.

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:42