Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА ЛЫХНЫ АҚЫҬАН АМАИНИНГ-ФЕРМА РЫԤШААИТ.

Аԥшьаша, 19 Лаҵара 2022 12:02 69

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 17 рзы  ироуз аоперптивтә информциа рхы иархәаны, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи Русбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ирласны  азхьаԥшра азы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәеи атехникатәии аенергетикатәи хылаԥшра азы  Аԥсны Аҳәынҭқарра  аҳәынҭқарратә стандарт адепартамент аусзуҩцәеи  изакәанымкәа аус зуаз амаининг ферма рыԥшааит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла,  иарбоу аобиект аҿы аус ауан  акриптовлиута арҳара иазку 21 шьақәыргылага. Убри аан урҭ русура азы иныххон 47 кВт. Ишеилкаахаз ала, ари аферма итәуп  1977 шықәса рзы ииз Цеиба Анри Михаил-иԥа. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аферма аԥшәма Цеиба Анри Михаил-иԥа иганахьала Административтә еилагарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ  96, ахәҭа  2 инақәыршәаны административтә ԥкаанҵа шьақәыргылоуп. Аппаратқәа зегьы рымхра мҩаԥгоуп, иҷыдоу ашьҭаҵарҭаҿы аҭакзыԥхықә ҵәахразы инагоуп.  

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:35