Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТ АҾЫ «АԤСНЫ АСПОРТИ АБҨАРҴӘЫРЕИ РЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ АУС АДУЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аԥшьаша, 19 Лаҵара 2022 17:09 59

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  «Аԥсны аспорти абҩарҵәыреи рзы» азакәан апроект алацәажәара иазкын лаҵарамза  18 рзы имҩаԥысыз акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара.

Аилатәара мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Венори Бебиа.

Иарбоу азакәан апроект  актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит ԥхынгәымза  12, 2021 шықәсазы.

Аусшәҟәы  Аԥсны аспорти абҩарҵәыреи русхкы аҿы азинтәи аиҿкааратәи ашьаҭақәа шьақәнаргылоит, иара убас абҩарҵәыреи аспорти рзы азакәанԥҵара ихадоу апринципқәа алнакаауеит.

Аилак аилатәара рхы аладырхәит Апарламент адепутатцәеи аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәыбази. 

Аилатәара аихшьаалақәа рыла Аилак алахәылацәа иарбоу азакәан апроект аус адулара ацҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:33