Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТ АҾЫ АМИГРАЦИАТӘ МАҴЗУРА ИАЗКУ АЗАКӘАНԤҴАРА АИӶЬТӘРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҩаша, 17 Лаҵара 2022 19:53 284

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент аҿы аҩаша, лаҵарамза  17 азы имҩаԥысит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара. Арахь ааԥхьара роуит Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура анапхгаҩы   Рамин Габлаиеи уи ихаҭыԥуаҩ Едуард Гамисониеи.

Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи, адепутатцәа Беслан Емырхәбеи Асҭамыр Герхьелиеи.  

Рамин Габлаиа Амиграциатә Маҵзура аусура атәы далацәажәеит, иара убас адепутатцәа ари Ахылаԥшырҭа аԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡараҿы ацхыраара аҭара иахьазхиоу азы  иҭабуп ҳәа реиҳәеит. 

Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз иарбоу аусхкы аҿы иҟоу азакәанԥҵара аиӷьтәра иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

 

 

 

Last modified on Амҽыша, 29 Лаҵара 2022 20:34