Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРЕИ MED TRAVEL АУСЕИЦУРА РЫБЖЬАРҴОИТ.

Аҩаша, 26 Мшаҧы 2022 19:57 171

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аилазаара Med travel ахаҭарнакцәа Елена Симониани Арманд Малхасиани дырԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Ари аиԥылара ихы алаирхәит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.   Аилазаара Med trevl Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрреи аинвалидцәа Рфонди абар шьҭа шықәсык инеиҳаны аусеицура рыбжьоуп. Ари аиҿкаара Аԥсны атәылауаа Ермантәылаҟа ахәышәтәразы рдәықәҵара аус аҿы ацхыраара ҟанаҵоит.

Аиԥылара аҿы Аԥсны атәылауаа хәыда-ԥсада ихымԥадатәиу аԥҟарақәа рзура азы акциа амҩаԥгаразы ззаанаҭтә ҩаӡара ҳараку ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа ааԥхьара рыҭара азы аҩганк аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Едуард Быҭәба аспециалистцәа рыдкыларазы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы хымԥада инагӡахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Аминистр иара убас сынтәа амахәҿа ахирургиа азы Урыстәылантәи ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа раарагьы азԥхьагәаҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Едуард Быҭәба убасҵәҟьа амедицинатә туризм аҿиара аганахьала мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥнагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ари ахырхарҭа Аԥсны азы акыр аперспектива злоу акакәны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр.

«Ҳара амедицинатә туризм аҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ҳамоуп, уи ахырхарҭала аусура аҭахуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны агәабзиарахчара аминистр аилазаара Med trevl ахаҭарнакцәа Аԥсны атәылауаа, аиҳарак аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи ирырҭо ацхырааразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ахәҭакахьала, аиҿкаара Med trevl анапхгаҩцәа аринахысгьы хра злоу аусеицура ацҵара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит.

 

 

Last modified on Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 18:39