Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ЖӘ-КОМИТЕТК ҞАЛОИТ.

Аҩаша, 26 Мшаҧы 2022 12:45 138

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза  27 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара аҩбатәи аилатәара аҿы 12  амшхәаԥштә зҵарақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп.

Апарламент адепутатцәа реилазаара ҿыц апарламенттә комитетқәа жәба, иара убас урҭ хьыӡҳәалатәии рхыԥхьаӡаратәии реилазаареи шьақәнарӷәӷәараны иҟоуп.  Уаҵәы иара убас абарҭ апарламенттә комитетқәа рхантәаҩцәа алархраны иҟоуп:

Аҳәынҭқарра-зинтә политик азы;

абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы;

аекономикатә политикеи, ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы;

атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы;  

асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы;

аҵарадыра, анаука, абызшәатә политика, адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи русқәа рзы;

акультуреи, аҿари аспорти русқәа рзы;

жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадареи аџьынџьуаа рымадареи рзы;

аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы.  

Last modified on Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 18:16