Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ЕИҾКААРА «КЬАРАЗ» АУС АЦУРА ИАЗХИОУП.

Ашәахьа, 14 Хәажәкыр 2022 21:18 99

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба агәыҳалалратә уаажәлрратә еиҿкаара «Кьараз» анагӡаратә директор Кадыр Аргәыни иарбоу аиҿкаара амедицинатә программақәа ркуратор Алиса Туибеи идикылеит.

Аиԥылара атема  - иарбоу аиҿкаареи атәыла агәбзиарахьчара Аминистрреи ареспублика амедицинатә усбарҭақәеи аус рыцура аиҿкаара.

Кадыр Аргәын аминистр адырра ииҭеит напхгара зиҭо аиҿкаара  300 инареиҳаны социалла ихьчам ахәыҷырацәа змоу аҭаацәара ацхыраара шрырҭо. Ари ауаажәларратә еиҿкаара инанагӡо апрограммақәа иреиуоуп апрограмма «Зҭагылазаашьа акыр иуадаҩу рыхәышәтәра, рреабилитациа,  хәшәыла реиқәыршәара, ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭҵаарагьы уахь иналаҵаны, уҳәа ацхыраара рыҭара».

Аиԥылара иалахәыз афонд ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу, ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭҵаара азы иазԥхьагәаҭоу еиԥш апрофилактикатә ҭҵаарақәеи (рентгенографиа, УЗИ, уҳәа) алабораториатә диагностикеи атәыла амедицинатә усбарҭақәа рҿы хәыда-ԥсада рымҩаԥгара алыршара азҵаара иалацәажәеит.  «Ҳхәышәтәырҭақәа уаанӡагьы ас еиԥш ацхыраара ҟарҵон, уи жәаҳәарада иацҵахоит», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Кадыр Аргәын иганахьала атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵо адгылареи ацхыраареи рзы иҭабуп иҳәеит. Едуард Быҭәба агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Кьараз» акырӡа ихадоу аусура нанагӡоит, атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аринахысгьы уи ацхыраара аҭареи адгылареи, ус ацуреи иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 15:58