Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АЛЕҚЬСА ГОГӘУА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 16:08 125

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩӡара  акавалер Алықьса Гогәуа иахьа иазгәеиҭоит 90 -тәи иира Амш.

Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аиубилиар ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа,

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу, иахьа ишәхыҵит 90 шықәса.

Шәара шәреиуоуп аԥсуа литература ҽаԥарак ԥхьаҟа изгаз. Шәажәабжьқәа, шәповестқәа, шәроманқәа рҿы инарҵауланы, исахьарку ажәала иаарԥшуп XX ашәышықәсқәа аԥсуаа иаҳзаанагаз аҿыцрақәа, урҭ шьаҭанкыла ишырыԥсахыз ҳхымҩаԥгашьа, ҳхәыцшьа, ҳдунеихәаԥшышьа. Аԥсуа мышкызны ахақәиҭра иманы, иԥсадгьыл дақәиҭны наџьнатә аахыс имаз агәыӷра шьагәыҭс ирымоуп шәҩымҭақәа зегьы.

Ииашахоит, иахьа иҳамоу ҳхатәы ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы шәлагала ӷәӷәоуп ҳҳәар. Шәышәҟәыҩҩра инаваргыланы, шәџьабаақәа рацәоуп ауаажәларратә усураҿгьы, аԥсуа жәлар рхеидкыла «Аидгылара» раԥхьатәи хантәаҩыс шәалхын, шәыбзоурала уи иалнаршаз рацәоуп ҳажәлар реидкыларазы Қырҭтәылантәи ицәырҵыз ашәарҭарақәа рҿаԥхьа.

Шәадныҳәалаз шәиубилеи, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра!

Ҳаҭырла, Алеқсандр Анқәаб,

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр. 

Аҟәа ақалақь,  март 15, 2022ш.

Last modified on Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 16:45