Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

КОНСТАНТИН ЗАТУЛИН: АЛХРАҚӘА РЫМҨАԤГАРА АГАНАХЬАЛА АКРИТИКАТӘ ЗГХӘАҬАРАҚӘА ҲАМАӠАМ.

Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 15:08 130

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада апресс-центр аҿы жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа хәажәкырамзазы Аԥсны имҩаԥысыз Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа ахәшьара арҭеит.

Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызареи аидгьылуааи русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума акомитет ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин Аԥсны жәлар алхрақәа актәи атур ахыркәшара рыдиныҳәалеит.  

«Араҟа иахьа иҟоуп Аҳәынҭқарратә Дума афракциақәа зегьы рхаҭарнакцәа. Ҳара ҳделегациа иацтәи амш зегьы иалагӡаны алхратә ҭыԥқәа ирҭаауан. Алхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рганахьала изеиԥшразаалак акритикатә згәаҭарақәа ҳамаӡам. Ҳара Аҟәа ақалақь, Гәылрыԥшь араион, Очамчыра араион, Афон Ҿыц, уҳәа иааизакны  18 рҟынӡа алхратә округқәа ҳарҭааит. Ҳколлегацәа егьырҭ араионқәагьы ирҭааит. Алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы аҭагылазаашьа маншәалан, иҭынчын. Акандидатцәагьы анаԥшыҩцәа ирыҿцәажәо убасҵәҟьа  изеиԥшразаалак агәала ҳәа акгьы рымаӡам ҳәа иазгәарҭон», - ҳәа иҳәеит Константин Затулин.

Уи амшцәгьеи Аԥсни Урыстәылеи рзы иахьа агәҭынчымра зцу ахҭысқәеи шыҟазгьы алхрақәа ҭышәынтәаланы имҩаԥысит ҳәа иазгәеиҭеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа иара убас Урыстәыла адгылара иазкны  хәажәкырамза 11 рзы имҩаԥысыз амитинг аҿы иҟан.

«Аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Украина иахьаҵанакуа иҷыдоу аоперациа амҩаԥгарала зхатәы ҭоурых аҿы ҩаԥхьа имариам аԥышәара иахысуа Урыстәылатәи Афедерациа иарҭо адгылара азы.  Сара сызлахәаԥшуа ала, зегьы ирзеиԥшу ашәарҭара  шәполитикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи маҷк иадамзаргьы еизааигәанатәит. Ааигәаӡоуп алхрақәа ирыдҳәаланы  агәҭынчымрақәа маҷымкәа ианыҟаз, аха иацы уи зегьы шьҭахьҟа ииасит», -ҳәа иҳәеит Константин Затулин. 

Уи иазгәеиҭеит иара убас алхрақәа зхы алазырхәыз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара шырацәаоу. Уи иахәҭоу 25% аҩаӡара акыр еиҳахеит. Ари акыр зҵазкуа акакәны иҟоуп.

«Араҟа актәи атур ала изеилгаӡом. Урыстәыла акәзар зегьы абжьыҭара амш аҽны иӡбахоит. Аԥсны еиҳа адемократиатә ҟазшьа ацуп алхрақәа. Аҩбатәи атур ҟалоит, ааԥхьара ҟалар, ҳауаӡәы анаԥшыҩцәа раҳасабала алхрақәа рҽаладырхәуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Константин Затулин иалырхыз акандидатцәа дрыдныҳәалеит, аҩбатәи атур ахь инеиз ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, аҵарадырра азы акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Иана Лантратова ишазгәалҭаз ала, алхрақәа акарантинтә нормақәа зегьы рықәныҟәарала имҩаԥысит. Алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы хазхаҭалатәи ахыхьчаратә хархәагақәа, азҩыдатәратә маҭәашьарқәа рыла аиқәыршәара еиҿкаан.

Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа убасҵәҟьа ахәшьара ҳаракы арҭеит имҩаԥысыз алхрақәа. Международные наблюдатели от Общественной палаты Российской Федерации также дали высокую оценку прошедшим выборам.

Last modified on Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 23:19