Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛХРАТӘ ОКРУГ №18 АҾЫ ҾЫЦ АЛХРАҚӘА МҨАԤГАХОИТ.

Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 14:01 135

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә округ №18 (Гәдоуҭа ақалақьтәи) аҿы ҿыц алхрақәа мҩаԥгахоит. Иахьа, хәажәкырамза 13 рзы Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада апресс-центр аҿы абри азы адырра ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.

Алхратә округ №18 аҿы иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - Леонид Лакербаиеи Беслан Ҭаркьыли.  Акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы иахәҭаз абжьқәа рхыԥхьаӡара имоуӡеит.

АКХ адыррақәа рыла, иарбоу алхратә округ аҿы зынӡа рыбжьы арҭеит 1813 - ҩык, уи алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 49,1 % рҟынӡа инаӡоит.  Леонид Лакербаиа рыбжьы ирҭеит 906 – ҩык алхыҩцәа. Уи алхрақәа рҿы аиааира агаразы бжьык изымхаӡеит. Беслан Ҭаркьыл рыбжьы ирҭеит  825 - ҩык.  82 биуллетень ԥхасҭартәит.  

Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхрақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 37 инақәыршәаны, алхратә округ аҿы иқәгылаз адепутатцәа рҟынтәи аӡәгьы далрымхызар, мамзаргьы иарбоу алхратә округ аҿы алхрақәа зымҩаԥысмсӡеит ҳәа ишьақәыргылахазар, мамзаргьы Апарламент адепутат ҽҳәараанӡа изинмчы аанкылараан, Алхратә Комиссиа Хада ҩымчыбжь иахымгакәа  ҿыц алхрақәа рымҩаԥгаразы арыцхә шьақәнарӷәӷәоит.

Ҿыц алхрақәа мҩаԥгахоит ҩымз иахымгакәа.

Хәажәкырамза 12 рзы имҩаԥысыз алхрақәа реихшьаалақәа рыла, 17-ҩык акандидатцәа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәас иалхуп, 17 алхратә округқәа рҿы ҩымчыбжь рышьҭахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.

Алхратә Комиссиа Хада ахь алхрақәа рымҩаԥгараан аилагарақәа рзы ашшыбӷьыцқәа алагалазма ҳәа ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо, АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Драндатәи алхратә округ  №26 аҿы иқәгылаз адепутатрахь акандидат Илиа Гәыниа иҟынтәи алхратә комиссиа   12-ҩык зыҩны зыбжьы азҭараны иҟаз алхыҩцәа рҭаара алдмыршеит ҳәа адырра ҟалеит.

Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы ари аинформациа ирҵабыргит, уи иажәақәа рыла алхратә комиссиа зыҩны зыбжьы азҭараны иҟаз 50-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи  12-ҩык рҭаара иахьымӡаӡеит. «Рыцҳарас иҟалаз, алхратә комиссиа алахәылацәа анҭыҵтәи абжьыҭиразы аурна зегьы рҟынӡа анагара иахьымӡаӡеит. Аха убри аан иазгәаҭатәуп, урҭ рыбжьқәа  иарбоу алхратә округ аҿы имҩаԥысыз алхрақәа рылҵшәақәа шьаҭанкыла ианыԥшыр залшомызт», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Алхратә Комиссиа ахантәҩы Дмитри  Маршьан.   

 

 

Last modified on Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 22:36