Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСААҬ 18:00 РЗЫ АРЕСПУБЛИКА АҾЫ ИААЗ АЛХЫҨЦӘА РХЫԤХЬАӠАРА 40,2% АҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 18:14 131

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада адыррақәа рыла, асааҭ 18:00 рзы алхрақәа зхы алазырхәыз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 40,2 % аҟынӡа инаӡеит.

Алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп 33 округ рҿы.

Алхратә округақәа ҩба рҿы  -   Аҟәатәи алхратә округ №2 (Аҳабла Ҿыц), иара убас   алхратә  округ №10 (Пицундатәи) рҿы макьаназы 25-проценттәи аҩаӡара иахымсӡацт. Алхратә округ №2 аҿы иааз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 21,9%, алхратә округ №10 - 23,6%.

Алхыҩцәа рсиа хада аҿы иануп 132 724 –ҩык, иназыцҵоу асиа аҿы –  2 нызықь-ҩык. Уажәазы рыбжьы арҭахьеит 54 124 – ҩык.  человека. Последнее изменение Суббота, 12 марта 2022 18:29.

 

Last modified on Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 18:53