Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

«АҬАГЫЛАЗААШЬА ҬЫШӘЫНТӘАЛОУП, АУАДАҨРАҚӘА ЫҞАӠАМ»: ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АНАԤШЫҨЦӘА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АХЬ АЛХРАҚӘА РЫМҨАԤЫСШЬА АЗЫ РГӘААНАГАРА.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 16:17 99

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысуеит Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа. Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала ҳтәыла иаҭааит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгыла Апарламенттә Еизара ахаҭарнакцәа.

Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иқәгылеит Апарламенттә Еизара  аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченкои атәылахьчара азы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, ашәарҭадареи атәылахьчареи ацәгьоура аҿагылареи рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ,   аделегациа акоординатор  Андреи Красови.  

«Ҳара Аҟәа ақалақь аҿы алхратә ҭыԥқәа хәба ҳарҭааит, уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа гәаҳҭеит, урҭ зегьы ианаамҭаз иаатит, аусура ҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит. Асааҭ  12 аламҭалазы алхыҩцәа раара 10 - 15 процент инарзынаԥшуан. Ҳара арҭ арбагақәа ԥыхьа Апарламент ахь имҩаԥысуаз алхрақәа ирҿырԥшны ҳахәаԥшит, усҟан алхыҩцәа раара акыр еиҳан, аха уи амшцәгьа иадҳәалазар алшоит. Ауаа активла рыбжьқәа арҭоит, анаԥшыҩцәа ыҟоуп, изеиԥшразаалак аилагарақәа аарԥшӡам, сара сгәаанагарала ус иҟазаауеит алхрақәа рхыркәшараанӡа», - ҳәа иҳәеит  Андреи Красов.

Сергеи Стрельченко  иара уажәаԥхьагьы анаԥшҩы иаҳасабала Аԥсны дшаҭаахьоу иҳәеит. «Шәреспублика аҿы имҩаԥысуа алхрақәа адемократизми азакәанреи рыла иалкаахоит. Урҭ мраҭәашәаратәи атәылақәа жәпакы ҿырԥштәыс ирзааугар алшоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Апарламенттә Еизара аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ. 

Last modified on Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 18:35