Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛХРАТӘ ҬЫԤХАДАҚӘА РҾЫ АЛХРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 12:16 117

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныпресс акорреспондентцәа Аҟәатәи алхратә округқәа №№ 1, 2, 3, 6, 7, 8 ирҭааит.

Аокруг №1 алхырҭатә ҭыԥхада ахантәаҩы Лиана Хәарҵкьиа лажәақәа рыла, макьаназы еилагара ҳәа акгьы ыҟам, абжьыҭира ҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит.  

«Асааҭ 10:00 рзы актәи аучасток аҿы рыбжьы арҭахьан 89-ҩык, аҩбатәи аучасток аҿы – 66-ҩык, зынӡа иааизакны -  161-ҩык», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Алхратә округ №2 ахантәаҩы Леонид Ӷәынџьиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, асааҭ  10:35 рзы аокруг № 2 аучасток № 1 аҿы зыбжьы зҭииз рхыԥхьаӡара  - 184 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.    Алхрақәа ҭынч имҩаԥысуеит. Аучасток арегламент ишаҳәо ала асааҭ  08:00 рзы иаартын.

Уи акомиссиа алахәылацәа ацхыраара рызҭо анаԥшыҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аокруг №3 ахантәаҩы  Манана Каҷабаа лажәақәа рыла, «абжьыҭара аныҳәак еиԥш имҩаԥысуеит, изеиԥшразаалак аилагарақәа ыҟаӡам, ауаа зегьы ргәалаҟазаара бзиоуп, зегьы асабрадатә режим нарыгӡоит.  Аучасток аартын асааҭ 08:00 рзы. Амш шыцәгьоугьы, ауаа рааишьа бзиоуп. Убас, шьыжьы инаркны асааҭ 11 – рзынӡа араҟа зыбжьы азҭахьоу рхыԥхьаӡара 180-ҩык рҟынӡа инаӡеит».

Аҟәатәи алхратә округ №6 ахантәаҩы  Ирина Повирскер иарбоу алхратә ҭыԥхада аҿы алхрақәа шымҩаԥысуа еиҭалҳәеит: « Асааҭ 11 рзы зыбжьы азҭахьоу алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 440-ҩык рҟынӡа  инаӡахьеит. Алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡахоит асиа иҭагалоу алхыҩцәа зегьы рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи  25% рыбжьы арҭар.  Зынӡа аокруг аҿы иҟоуп 5456 – ҩык алхыҩцәа. Алхрақәа азинеилагарада имҩаԥысуеит. Шьыжьы инаркны ауаа рааира маҷын, аха уажәы еиҳа активра аныԥшуеит. Акандидатцәа зегьы рҟынтәи аучасткақәа рҿы напшҩык-наԥшҩык дыҟоуп».

Аҟәатәи алхратә округ №7 ахантәаҩы Борис Ҷолариа ашьыжь, асааҭ  10 рынахыс ауаа рааира еиҳа активра аныԥшуа иалагеит, асааҭ 11 аламҭалазы рыбжьы арҭахьан 400-ҩык, уи 7,46 % аҟынӡа инаӡоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аокруг аҿы асиа иҭагалоу алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 5 455-ҩык рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәатәи алхратә округ №8 ахантәаҩы Денис Џьопуа ишазгәеиҭаз ала, алхрақәа зинеилагарада, иҭышәынтәаланы  имҩаԥысуеит, убри аан акоронавирустә ҿкы чымазара аҽацәыхьчара иазкны иалагалоу асанитартә нормақәа зегьы рықәныҟәара алыршоуп. Денис Џьопуа иажәақәа рыла, 4 017-ҩык алхыҩцәа рҟынтәи асааҭ  11 рзы рыбжьы арҭахьан 439-ҩык.

«Гагратәи аокруг №12 алхратә ҭыԥ №1 аҿы алхыҩцәа раара асааҭ 12 рзы  25% иахысхьан.   Аилагарақәа аарԥшӡам», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәеиҭеит алхратә комиссиа ахантәаҩы Максим Џьынџьал.

 

 

Last modified on Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 17:05