Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА РАЛХРАҚӘА РЗЫ АБЖЬЫҬИРА.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 08:38 94

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхра азы абжьыҭира. Асааҭ 08:30 рзы Алхратә Комиссиа Хада апресс-центр аҟны АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан еизаз зегьы иахьа ашьыжьымҭан, асааҭ  8 рзы ареспублика иахьаҵанакуа 152 алхратә ҭыԥхадақәа аусура ишалагаз атәы рзеиҭеиҳәеит.

«Атәылауаа алшара рымоуп рҭахра аарԥшразы. Акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара инамаданы асоциалтә дистанциа анагӡареи асанитартә нормақәа рықәныҟәареи рзы аҳәара ҟаҳҵоит»,- ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан. 

Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара зегьы реиҳа иахьырацәоу алхратә ҭыԥхаданы иԥхьаӡоуп аокруг №13 (Гагра ақалақьтәи) – араҟа 7 нызықьҩык рҟынӡа алхыҩцәа асиа иҭагалоуп; зегьы реиҳа иахьмаҷу -  аокруг №35 (Галтәи), араҟа асиа иҭагалоуп 1300-ҩык алхыҩцәа.   

Алхратә Комиссиа Хада «Амшынеиқәафымцамч» ахь аҳәара ҟанаҵеит алхрақәа анымҩаԥысуа аҽны алашара дмырцәарц азы.

Апарламенттә алхрақәа 35 мандатктәи аокругқәа рҿы амажоритартә система ала имҩаԥысуеит.   Алхрақәа рымҩаԥысшьа агәаҭаразы арахь иааны иҟоуп жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.

Апарламент аҿы иҟоу 35 ҭыԥ раанкылара рҽазыршәоит  123-ҩык адепутатрахь акандидатцәа.

 

 

Last modified on Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 17:03