Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 16 РЗЫ Р. ГӘЫМБА ИХЬӠ ЗХУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ФИЛАРМОНИА АҾЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ 1992-1993 ШШ. АԤСНЫ АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РГӘАЛАШӘАРА ИАЗКУ АКОНЦЕРТ.

Аԥшьаша, 10 Хәажәкыр 2022 11:11 114

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 16,  асааҭ 18:00 рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит есышықәса еиҿкаахо «1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара азы» аконцерт.

Аконцерт амҩаԥгара азы иалху аамҭа 1993 шықәсазы иҟалаз марттәи ажәылара иазкуп. Усҟан Аԥсны Арбџьармчқәа Гәымсҭатәи афронт аҿы аԥыжәара агареи Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи рзы арратә ҽазышәара ҟарҵеит. Марттәи ажәылара иацу ахҭысқәа шәҩыла аԥсуа ҵеицәа зыԥсҭазаара ҿахнаҵәаз, зегьы реиҳа ишьаарҵәыру ахлымӡаах аҳасабала Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит.

Аконцерт-ареквием аҿы, ус иахьӡырҵеит иара уи аиҿкааҩцәа, ззанааҭтә ҩаӡара акыр иҳараку апрофессионалцәа – аҟыбаҩ злоу артистцәеи амузыкантцәеи инарыгӡо адунеитә классика атематикатә рҿиамҭақәа ахәаԥшыҩ идгалахоит.

Аконцерт рхы аладырхәуеит:

- Аԥснытәи афилормониа асолистцәа: Аԥсны зҽаԥазтәыз артистка Асида Шьакаиа (сопрано), Елена Анқәаб (сопрано), Нана Черқезиа (сопрано), Альдона Ҵкәуа (сопрано), Ныгәзар Какалиа (баритон), Алхас Ферзба (бас), Асҭанда Џьыкырба (фортепиано);

- Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә  филармониа асолистцәа: Ольга Смоленскаиа (аскрипка), Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз артистка Наталиа Александрова (авиолончель), Ирина Головина (фортепиано);

-Аԥнытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртиатр артистцәа: Альдона Адлеиба, Лана Гергиа, Есма Шуген, Ахра Кәарҷиа, Мдар Сақаниа.

Аконцерт апрограммаҿы  иҟоуп -  Бах, Гендель, Праиснер, Килиар, Вилла Лобос, Рахманинов, Гомес, Масканьи, Вавилов, Шумана, уҳәа рырҿиамҭақәа. Иара убас аконцерт аҿы исахьаркны иаԥхьараны иҟоуп Лиолиа Тәанба, Рушьбеи Смыр, Рауль Лашәриа ражәеинраалақәа.

Есышықәса еиҿкаахо «1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара азы» аконцерт раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 2015 шықәсазы. Апроект авторс дҟалеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениа.

Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ари апроект рхы аладырхәхит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла, В.А. Судаков ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә хортә капелла, асолистцәа-авокалистцәа, иара убас  Шәачатәии Адыгатәии асимфониатә оркестрқәа рмузыкантцәа, Урыстәыла Зәаԥсазтәыз артистка  Маргарита Спиридонова (альт), Виктор Абрамиан-Ешба (аскрипка), Андреи Спиридонов (авиолончель), Лиубовь Молина (контральто), жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа Михаил Турпанов (фортепиано),  Алексеи Балашов (гобои), Владимир Спиваков ихьӡ зху Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә Фонд астипендиатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра зәаԥазтәыз артист Михаил Алхазов (альт), Елена Шагун (авиолончель), уҳәа убас аӡәырҩы.

Аусмҩаԥгатә амҩаԥгара аҿы Аԥсны акультура Аминистрра ацхырара анаҭоит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Хәажәкыр 2022 16:14