Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИНАЛ АРӠЫНБЕИ ДМИТРИ МЕДОИЕВИ ЕИԤЫЛЕИТ.

Аԥшьаша, 10 Хәажәкыр 2022 13:00 1952

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоеви Аҟәа еиԥылеит хәажәкыра 10 азы, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Тадтаев.

Аганқәа ирылацәажәеит аԥсуа-ауаԥс усеицура аспект хадақәа, иара убасгьы аԥхьаҟа ҩ-ганктәи аиныррақәа рыҿиара.

Аиԥылара атема хаданы иҟан Украина иҟоу аҭагылазаашьа аҿиара азҵаара алацәажәара.

Аганқәа иазгәарҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла Донбасс аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазырханы имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара шарҭо.

Аиҿцәажәара алкаақәа рыла аганқәа Акоммиунике еицрыдыркылеит, иазгәарҭеит ԥхьаҟагьы Аминистррақәа рыбжьара еиуеиԥшым атематикала аиԥыларақәа рымҩаԥгара рхымԥадара.

Last modified on Аԥшьаша, 10 Хәажәкыр 2022 15:33