Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АХАДА АЕЛИТА АХЬИҦҲА ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 АНЫҲӘА ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 08 Хәажәкыр 2022 13:59 90

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин  Аелита Ахьиԥҳа Хәажәкырамза 8 аныҳәа лыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр  зқәу Аелита Мақсим-иԥҳа!

Ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа Хәажәкырамза 8. Зеиӷьыҟам ари ааԥын ныҳәа ҩычоуп ашәҭқәеи аҳәса рыччаԥшьи рыла, иахьа уи аҳәса шәыхьӡала гәыкала иҳәоу ажәақәа  рыла ҷыдала ԥхаррак ацуп.

Ишәзааигәоу ауаа, шәааигәара  иҟоу шәҩызцәа рыҟнытә ишәыгымзааит агәцаракра, аԥхарра, шәыҩнаҭаҟны иҟазааит абзиабареи аизҳазыӷьареи. Агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит",- аҳәоит Урыстәыла Ахада Аԥсны Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа лыхьӡала иааишьҭыз адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы.

 

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 20:51