Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШ АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Аҩаша, 08 Хәажәкыр 2022 10:23 98

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ашәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш – Хәажәкырамза 8!

Ари ааԥын ныҳәа ссир аԥшӡареи ахаареи ирсимволуп, ԥхаррала, гәыблыла иҭәуп. Иахьа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп ҭаацәацыԥхьаӡа шәара шәыла иҩноу абзиабара, иҟоу аҳаҭыреиқәҵара, аилибакаара рзы.

Шәара шәыла ахәышҭаарақәа рыԥсы ҭоуп еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны имҩаԥыжәго азанааҭтә усура инаваргыланы. Шәара дәныҟала ишәныԥшуа аԥсыҽра акгьы аанагаӡом аҳаракыра дуқәа рышҟа ахалара аншәылшо.

Ҳазҭагылоу аамҭа зеиԥшразаалак, шәара шәааигәа иҟоу ирыгӡам агәцаракра, ахылаԥшра, аԥхарра. Шәара ишәыбзоураны ҳаԥсҭазаара иаҳа иразуп, илашоуп.

Шәара еиҵашәааӡо аҵеицәа роуп ҳажәлар Аиааира рзаазгаз, Аԥсадгьыл ахьчаразы хамеигӡарада игылаз.

Акыр иаԥсоу ҳахәшьцәа, ҳанацәа, ари аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, алахҿыхра, аныҳәатә гәалаҟазаара шәыгымзааит есқьынгьы!»

 

 

 

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 20:42