Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҾАРИ АСПОРТИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АԤСНЫ АСПОРТТӘ ФЕДЕРАЦИАҚӘА ХРА ЗЛОУ АЛҴШӘАҚӘА РААРԤШРА РЫДНАҴОИТ.

Аԥшьаша, 24 Жәабран 2022 11:30 131

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23 рзы  Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы ареспублика аспорттә федерациақәа рхаҭарнакцәеи рнапхгаҩцәеи рԥылара мҩаԥысит.  

«Сара ааԥхьара зшәызҭаз еиҳа ҳҽазҵәылхны аус ааулароуп ҳәа шәасҳәарц азы ауп - хра злоу алҵшәақәа ааҳарԥшлароуп, Елҟан Гәазааи, Саира Каҷарааи Инар Кетиеи реихьӡарақәа реиԥш. Ҳара еиҳа-еиҳа ақәҿиарақәа раиура ҳҽазаҳшәалароуп. Иаҭаххозар, саргьы сшәыдгылоит, исылшо ала сшәыцхраауеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Џьамал Гәыбаз иара убас аспорт хкқәа зегьы рыла ачемпионатқәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы абҩарҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Жанна Занҭариа иарбан федерациақәау  зусшәҟәқәа еиҿкаатәны измоу еиҭалҳәеит, иара убас – атлетика ласы азы иҿыцу Афедерациа ацәырҵра азы адырра ҟалҵеит. Уи напхгара  алҭалоит Лолита Назарс.

Афедерациақәа рыпрезидентцәеи урҭ рхаҭарнакцәеи имҩаԥырго аусуреи актуалра злоу апроблемақәеи анаҩстәи аусуразы азԥхьагәаҭарақәеи ирылацәажәеит.  

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы зегьы хра злоу аусуреи ақәҿиараақәеи рзеиӷьаишьеит.

 

 

Last modified on Ахәаша, 25 Жәабран 2022 20:47