Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ГӘЫԤҨЫК АУСЗУҨЦӘА АХҴӘАЦӘА РЕВАКУАЦИА АМҨАԤГАРАЗЫ ДОНЕЦКИ ЛУГАНСКИ РАХЬ АМҨА ИҚӘЛЕИТ.

Аҩаша, 22 Жәабран 2022 15:52 160

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа гәыԥҩык, иарбоу Ахылаԥшырҭа ахада, аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала ахҵәацәа Аԥсныҟа ревакуациа амҩаԥгара азы Донецки Лугански рахь амҩа иқәлеит.   

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аколонна автобусқәа ҩба, ареанимобиль, амилициа амҩаԥгаратә машьынақәа рыла ишьақәгылоуп. Актәи аетап аҿы Аԥсныҟа раагара азԥхьагәаҭоуп 100 – ҩык инарзынаԥшуа  Донецктәи Лугансктәи Жәлартә Республикақәа ртәылауаа.

Last modified on Ахаша, 23 Жәабран 2022 01:03