Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЕДУАРД БЫҬӘБА АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ МАКТИНА ЏЬЫНЏЬАЛԤҲА ДИДИКЫЛЕИТ.

Аҩаша, 22 Жәабран 2022 18:15 164

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа  дидикылеит.  

Аиԥылараҿы атәылаҿы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи зыквалификациа ҳараку апсихиатриатә цхыраара рызҭаша амаҵзурақәа рыҟамзаара азҵаара иалацәажәеит.

«Иҟам иара убас апсихосоциалтә цхыраарагьы уахь иналаҵаны, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рыпсихикатә гәабзиара азы инагӡаны ишьақәгылоу амаҵзура асистема.  Аспециалистцәа рыҟамзаареи, убри инамаданы иара амаҵзурагьы аҟамзаареи иахҟьаны, ахәыҷқәа рҿы апсихикатә еилашәара адиагностика  аҿы ауадаҩрақәа изныкымкәа ицәырҵуан. Еиԥшу ауадаҩрақәа цәырҵуеит зыҿиара аҷыдарақәа аныԥшуа ахәыҷқәа рдиагноз ақәыргылараҿгьы. Убри иахҟьаны акоррекциатә школқәа рахь ахәыҷқәа ралԥшаара иашьашәаланы есымша изымҩаԥысӡом, избан акәзар, хшыҩла маҷк ашьҭахара азы адиагноз ақәыргылара азы ахәыҷтәы психологи аклиникатә психологи ахәыҷы инҭырҳәцааны дҭиҵаар ахәҭоуп, анаҩс ауп апсихолого - медико-педагогикатә комиссиа ахысра аналыршахо», - ҳәа илҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Едуард Быҭәба ҳтәыла аҿы ахәыҷтәы клиникатә психологцәа, апсихиатрцәа, акардиологцәа, иара убас ахәыҷтәы ультрабжьытә диагностика азы аспециалистцәа разымхара ыҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  Уи агәабзиарахьара Аминистрра  аҿы ари апроблема аҟазаара атәы ибзиаӡаны ирдыруеит, уи аӡбара азы иалшо зегьы ҟанаҵоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аминистр иара убас иарбоу аетап аҿы иҿыцу ахәыҷтәы Республикатә хәышәтәырҭа аргылара апроект аҿы ахәыҷтәы психикатә гәабзиара амбулатортә ҟәша аныҟәгара азы ахарџь азԥхьагәаҭара азы алшара ыҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, ари азҵаара аус атәы здыруа ахылаԥшырҭақәа рҿы иахәаԥшраны иҟоуп.

Аиԥылара аҿы иара убас ареабилитациатә Центрқәа рфинанстәра апроблемақәагьы ирылацәажәеит (Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Галтәи, иара убас  Ацентр «Логопед»).

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Едуард Быҭәба агәабзиарахьчара Аминистрра ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу лофис адгылареи ацхыраареи аҭара, иара убас аусеицура есымша иазхиоуп ҳәа иҳәеит.  

 

Last modified on Ахаша, 23 Жәабран 2022 00:48