Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АХАДА ВЛАДИМИР ПУТИН ДОНЕЦКТӘИИ ЛУГАНСКТӘИИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКАҚӘА РСУВЕРЕНИТЕТИ РХЬЫԤШЫМРЕИ АЗХАҴАРА АЗЫ АУСԤҞАҚӘА ИНАПЫ РЫҴАИҨИТ.

Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 23:00 155

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра Ахада «Донецктәи Жәлартә Республика азхаҵара азы», иара убас «Лугансктәи Жәлартә Республика азхаҵара азы» Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит, ҳәа ианацҳауеит Кремль аофициалтә саит.

Иара убас, Владимир Путини ДЖәР Ахада Денис Пушилини Урыстәылатәи Афедерациеи Донецктәи Жәлартә Республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи аицхыраареи рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Урыстәыла Ахадеи ЛЖәР Ахада Леонид Пасечники Урыстәылатәи Афедерациеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи аицхыраареи рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭрқәа рнапаҵыҩра ацеремониа ашьҭахь  Владимир Путини Денис Пушилини Леонид Пасечники реиҿцәажәара мҩаԥысит.

Last modified on Аҩаша, 22 Жәабран 2022 14:23