Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АХД ИГАНАХЬАЛА ДОНЕЦКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКЕИ ЛУГАНСКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКЕИ РҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СУВЕРЕНИТЕТИ РХЬЫԤШЫМРЕИ АЗХАҴАРАЗЫ АЗЫӠБА ИАДГЫЛОИТ.

Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 23:05 107

́Аҟәа. Жәабранмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Влдимир  Влдимир-иԥа Путин Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҳәынҭқарратә суверенитети рхьыԥшымреи азхаҵаразы идикылаз азыӡба инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

***

Аҳәамҭаҟны, ахәҭакахьала иҳәоуп:

«Ҳара ҳадгылоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В. В. Путин Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҳәынҭқарратә суверенитети рхьыԥшымреи азхаҵаразы идикылаз азыӡба.

Донбасс ажәлар акыршықәса раахыс иуадаҩу  аԥышәара дуқәа ирҭагылоуп. Украина аофициалтә мчрақәа рхы ацәыргон Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рпункт хадақәа рынагӡара, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рыҟны имҩаԥысуаз аиҿцәажәаратә процессқәа еиҵарҟьон, Донбасс ауааԥсыра рҭахрақәа максималла иҭархаганы иазнеиуан. Украинатәи аган ала аимак адипломатиатә ҟазшьала аҭышәныртәалара аамҭа анаскьагара иахҟьаны Донбасс  иаалырҟьаны аҭагылазаашьа бааԥсхеит, Ареспубликақәа рыҟны агуманитартә ҭагылазаашьа еицәахеит. Аимак есааира аҽарӷәӷәо ианалага  Донбасс иқәынхоз хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа ааныжьны Урыстәыла ахыҵакырҭа аԥшаара иалагар акәхеит.

Абас ала, Донецктәи Лугансктәи Жәлартә Республикақәа рсуверенитет ахьыԥшымра азхаҵара иашоуп, агеополитикатә ҭагылазаашьа иақәҿнаҭуеит, ҳазҭагылоу аамҭа иацу ашәарҭарақәа ирықәшәоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аиҩызара ҳасаб азуны,  Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәыла анапхгара иаднакылаз азыӡба иадгылоит. Агәра ҳгоит, ари азыӡба арегион аҟны ашәарҭадара архитектура аԥхьаҟатәи аԥеиԥш арӷәӷәара ишацхраауа. Убри анаҩс, Урыстәыла аганахьала Донбасс Ареспубликақәа разхаҵара ажәлар маҷқәа рзинқәа ахьыхьчоу, жәларбжьаратәи ауаажәларра ракәзар, урҭ рыбжьы ҳаҭырқәҵарыла иазнеиуа иахьыҟало, еиҳа ииашоу, еишьашәалоу адунеитә еиҿкаара ашьақәыргылара иацхраауеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит.

Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рыжәларқәа ирзеиӷьасшьоит иаарласны аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, аҭынчра, аизҳазыӷьара».

 

Last modified on Аҩаша, 22 Жәабран 2022 14:07