Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АԤСНЫ ИАԤҴОУП ДОНБАСС АЦХЫРААРАЗЫ ИАКУ АШТАБ.

Асабша, 19 Жәабран 2022 22:04 170

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иаԥҵоуп Донбасс ацхыраара аҭара азы Иаку Аштаб. Уи хықәкыс иамоуп – Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәа руааԥсыра ацхыраара рыҭара азы аресурсқәа рмобилизациа.

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа быжьба («Аԥсны иқәынхо аурысцәа реилазаара», «Аԥсны Аказакцәа Амшынеиқәатә Архәҭа», «Аԥсны аказакцәеи аибашьра иалахәыз аказакцәа- аветеранцәа Реидгыла», Аԥсни ЛЖәР, ДЖәР Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара Афонд «Атәышьҭратәыла», абаталион «Горец» Афонд, Ауаажәларратә еиҿкаара «Аиааира», «Аԥснытәи аказакцәа реилазаара») ахаҭарнакцәа злоу Аштаб урыстәылатәи аидгьылуааа реиҿкаарақәа рахь Донбасс азы ацхыраара аизгаразы ааԥхьара ҟанаҵеит.

«Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәа рҳәаақәа рҿы Украинеи  НАТО иалоу атәылақәа рымчқәеи рганахьала ипрецедентдоу арратә ҭагылазаашьа шьақәгылеит.  Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Украина Арбџьармчқәа Еиду Америкатәи Аштатқәеи НАТО иалоу атәылақәеи ркоординациа ала еизакны мҽхакы ҭбаала аҩнқәеи аҭынчуааԥсыреи ирылахысуеит. ДЖәР, ЛЖәР рхадацәа аҭынч уааԥсыра рыбжьара аԥсытәбарақәа ҟамларц азы аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа, уҳәа атәылауаа,  Урыстәылатәи Афедерациахь иалҵны ицарц азы ааԥхьара ҟарҵар акәхеит.   Иара убас ареспублика аҿы инхо ахацәа Донбасс ахьчара азы ааԥхьара рыҭоуп», - ҳәа иарбоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла аидгьылауаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рахь иҟаҵоу ааԥхьара аҿы.

Жәабранмза 17, 2022 шықәса рзы ауаажәларратә еиҿкаарақәа рконференциа мҩаԥысит. Араҟа Аԥсны ала ДЖәР, ЛЖәР рхьыԥшымра азхаҵара азҵаара иахәаԥшит. Уи азы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палатеи рышҟа аҳәамҭа дәықәҵахеит.  

Жәабранмза 18, 2022 шықәсазы Аԥсны Аказакцәа Амшынеиқәатә Рырхәҭа Донбасс ацхыраара аҭаразы иаку Аштаб аԥҵаразы аҳәамҭа аланарҵәеит.   

«Иарбоу аҭагылазаашьаҿы Аԥсны иҟоу  47 урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа зегьы русуреи русмуреи рзы аҭакԥхықәра шрыду еилыркаауазароуп, избан акәзар урҭ ишиашоу ирыдҳәалазар ауеит Донбасс иҟоу ҳџьынџьуаа рыԥсҭазаара», - ҳәа иарбоу аҳәамҭа аҿы.  

Аштаб Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи руааԥсыреи, иааизакны Аурыс дунеи рзы  ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ згәы иҵхо Аԥсны атәылауааи «Донбасс ацхыраара аҭаразы Аԥсны иҟоу Иаку Аштаб» адгылара арҭарц, ихымԥадатәиу агуманитартә цхыраара аҭара азы уи аусура рхы аладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. Ари апроблема аӡбара шәадгыл!

Донбасс ацхыраара аҭаразы Аԥсны иҟоу Иаку Аштаб абаталион «Горец»  Афонд аофис аҿы иҟоуп. Уи аҭыӡҭыԥ: Аҟәа ақалақь, Абазаа рымҩа, аҩ.№. 59.

Аштаб алахәылацәа уҽрымоудар алшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7 (940) 724-73-70;  +7 (840) 229-44-00.

 

 

Last modified on Амҽыша, 20 Жәабран 2022 21:16