Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИЯ: ИАҬАХНЫ ИҞАЛОЗАР, АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ДОНБАСС АРРАТӘ, ИАРА УБАС АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ ЦХЫРААРА АҬАРА ИАЗХИОУП.

Амҽыша, 20 Жәабран 2022 12:09 164

Аҟәа. Жәабранмза  20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Донбасс иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа  ҟаиҵеит.

Аҳәамҭа атекст аҟны иҳәоуп:

«Ҳара ҳгәы дырҭынчуам Донбасс имҩаԥысуа ахҭысқәа. Иаалырҟьаны Украина аганахьала иҟоу аибарххара есааира аӷәӷәахара иахьаҿу агәҭынчымра унамҭар залшом.

Рыцҳарас иҟалаз, Киев анапхгара аиҿцәажәаратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак аҭышәныртәалара иаартны мап шацәнакуа убартә иҟалеит. Мраҭашәаратәи ахылаԥшыҩцәа рганахьала ргәы азҭаҵо, адгылара ахьрырҭо иахҟьаны, Украина хықәкыс ишьҭнахит аҭыԥаҟны ашәарҭара зхылҵуа апровокациақәа, арӷыӷкрақәа рымҩаԥгара.

Аԥсны анапхгареи Донбасстәи Жәлар Республикеи Лугансктәи  Жәлар Республикеи рымчрақәеи иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара рыбжьоуп,  урҭ аҭынч уааԥсыра рыбжьара аԥсыҭбарақәа ҟамларц азы атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациахь иалҵны ицарц азы ааԥхьара ҟарҵар акәхеит. Аибашьра ӷәӷәа зхызгаз Аԥсны жәлар, абри аҩыза аамҭа уадаҩ аан Донбасс ауааԥсыра адгылара рырҭоит.

Убри инаҷыданы, иаҭахны иҟалозар, Аԥсны Аҳәынҭқарра Донбасс  арратә, иара убас агәыҳалалратә цхыраара аҭара иазхиоуп.

Агәыӷра ҳамоуп Киев аҟәыӷара, ахара ахәыцра аанарԥшып ҳәа, аимак ҭынч мҩала аӡбара ада даҽа мҩакы шыҟам иазааип ҳәа.

 

 

Last modified on Амҽыша, 20 Жәабран 2022 20:11