Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА ЖӘПАҨЫК АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АХЬРЫЛАҼЫЗ ИАХҞЬАНЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ТРАНСПОРТ АУСУРА ЕИԤҞЬЕИТ.

Ахәаша, 11 Жәабран 2022 10:32 148

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы амашьынарныҟәцаҩцәа жәпаҩык акоронавирустә ҿкы чымазара ахьрылаҽыз иахҟьаны ауаажәларратә транспорт аусура еиԥҟьеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҵыхәтәантәи аамҭа азы Аҟәа ақалақь Ахадара ахь ахәылбыҽха, асааҭ хәба-фба рынахыс автобусқәеи атроллеибусқәеи рныҟәара  акыр имаҷхоит ҳәа ауааԥсыра рҟынтәи агәынамӡара зныԥшуаз аҳәамҭақәа инеиԥынкыланы инеиуа иалагеит.

Аҳҭнықалақь ахада инапынҵа ала, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе Автотранспорттә парки Атролеибустә усбарҭеи  рнапхгаҩцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Ишеилкаахаз ала, аус зуаз амашьынарныҟәцаҩцәа рҟынтәи 70 процент инарзынаԥшуа акоронавирустә ҿкы чымазара рылаҽит. Убри иахьҟаны ақалақьтә уаажәларратә транспорт аусура аграфик еиԥҟьеит. Ашьжьымҭан аус зуа амашьнарныҟәцаҩцәа ахәылбыҽха изыԥсахуа аӡәгьы дыҟам.

Атранспорт аусзуҩцәа уаҵәы инаркны аҳҭнықалақь араионқәа рыбжьара  ашьжьымҭан, асааҭ 5 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 19 аҟынӡа  еиԥҟьарада аимадара шалыршахо азы еизаз агәра ддыргеит.

Last modified on Ахәаша, 11 Жәабран 2022 21:04