Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРАҾЫ АНҬЫҴТӘИ АЏЬАРМЫКЬАҚӘА РЫҞНЫ АБЫЛТӘЫ АХӘ АШЬҬЫҴРА АНЫРРА АМЕХАНИЗМҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахәаша, 11 Жәабран 2022 15:53 209

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла анапхгара афинанс-еконоикатә блок анапхгаҩцәеи ареспублика иахьаҵанакуа абылтәы аҭира знапы алаку аилазаарақәа рхаҭарнакцәеи анҭыҵтәи аџьырмакьақәа рыҟны абылтәы ахәԥса ашьҭыҵра анырра амеханизмқәа ирылацәажәеит.

Урыстәыла аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит – абылтәы ахәԥсақәа 8-10% рҟынӡа иазҳар алшоит. Ахәҭакахьала, адизельтә былтәы ахәԥса жәабранмзазы иааубаратәы иацлахьан. Уи жәаҳәарада, абылтәи ахьшьтәи римпорт 100% рҟынӡа иадҳәалоу Аԥсны аҩныҵҟа ахәеиқәыршәара ишиашоу анырра анаҭоит.

Урыстәыла ахәԥсақәа рызҳара анырра азҭо афактрқәа рацәаны иҟоуп. Абылтәи ахьшьтәи рыхәԥса аизҳара цәырызго апроблема хадақәа иреиуоуп аизакылаҭиратәи азаҵәылаҭиратәи ахәҭақәа еиҟароу реизышәара аилагара – урҭ реизҳара аинфлиациа аҩаӡара аасҭа акыр еиҳауп. Анырра анаҭоит иара убас урыстәылатәи ашәахтә закәанԥҵара аҿы иҟало аиҭакрақәагьы. Убас: ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза  1 инаркны ихәарҭоу аҵхтәқәа рыԥшаареи рыҵхреи азы ашәахтә, акцизатә қәҵақәа, абылтәи адизельтә былтәи рыхәԥсақәа шьҭыҵит.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа анефтьаалыҵқәа еизакны аахәаразы рыхәԥсақәа  рышьҭыҵра азхьаԥшратә усмҩаԥгатәқәа  рзы рхатәы гәаанагарақәа рҳәеит, иара убас  ареспублика абылтәы аџьармыкьа алахәылацәа ирыдыргалеит атәыла анапхгара ақәҵара апроект.

Атәыла аԥыза-министр, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанбеи алагаратә Иназыцҵоу Ахәԥса азы Ашәахтә аамҭала аԥыхразы анефтьаалыҵқәа раагара знапы алаку аилазаарақәа раԥшьгара акала ишьақәырӷәӷәам, иҵаҵӷәыдоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, избан акәзар, ари ауснагӡа ирҭиуа абылтәы аҵыхәтәантәи ахәԥса кыраамҭатәи аперспектива аҿы анырра аиуӡом ҳәа  ирыԥхьаӡоит.

Зыдгалара мҩаԥысуа атәыла анапхгара ақәҵара апроект еизаку ахәеиқәыршәара аҟынтәи анефть аалыҵқәа раагареи рыҭиреи мҩаԥызго аилазаарақәа рныхтәқәа реицҵалыҵқәа рҟынтәи апроцентқәа рыла ацҵақәа ршәагаақәа рышьақәыргылара ахь аисра азԥхьагәанаҭоит. Уи ахәԥсақәа рышьҭыҵреи рылаҟәреи оперативла анырра,  иара убас анефтьаалыҵқәа раахәара азы ахарџьқәеи  анефтьаалыҵқәа рыҭираан ишьақәгыло алогистикатә харџьқәеи реивгара ҳасаб азуреи аланаршоит.  

Ақәҵара апроект иазԥхьагәанаҭо ахәаахәҭратә цҵақәа рыпроценттә қәҵақәа  еиқәшаҳаҭны ишьақәырӷәӷәахо ахәԥсақәа риашара ахәшьара аҭареи, обиективла иуҳәозар, анаплакқәа анефтьаалыҵқәа рыҭираан ироуа ахарџь (аныхтәқәа) реицҵалыҵқәа разԥхьагәаҭареи рзы алшарақәа аԥнаҵоит.  Иара убас, ас еиԥш иҟоу амеханизм акорпоротивтә цәыҵеицәажәара аԥхьырҟәҟәаара алнаршоит, избан акәзар, уи конкретла иаагоу ахҭысқәа зегьы рҿы аконтракт  ахәԥса аҽақәнаршәалоит.

Аилазаарақәа рнапхгаҩцәа ирыдгалан аихшьааларатә ӡбамҭа адкыларазы иарбоу апроект иахәаԥшны рхатәы ажәалагалақәа  ҟарҵарц.  

 

Last modified on Ахәаша, 11 Жәабран 2022 20:34