Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРИ АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫҶТӘЫ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМ ХАДА ИГОРЬ ЏЬОПУУЕИ АРХИТЕКТОР ХАДА ДАВИД ЕШБЕИ ИҾЫЦУ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АРГЫЛАРАЗЫ АПЛАН ХАДА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ахаша, 09 Жәабран 2022 17:17 122

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ахыбра ҿыц аргыларазы аплан хада иалацәажәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игорь Џьопууеи «Аԥсныргылара» архитектор хада  Давид Ешбеи. Ахәышәтәырҭа «Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә Программа» ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иргылахоит.

Уажәы апроектҟаҵара апроцесс мҩаԥысуеит.  Ари амедусбарҭа Ареспубликатә хәышәтәырҭа иахьаҵанакуа иргылахоит.   Ихымԥадатәиу азин аиуратә документациа еизгоуп.

Аминистр ахәышәтәырҭа ахьыргылахо, насгьы ишыргылахо идырбеит. Хархәарада иааныжьу ахыбрақәак ықәгахоит, урҭ рмыцхәрас ҩ-ҭаларҭак змоу авторгыларҭа ҟаҵахоит.

Едуард Быҭәба ари аобиект аргылара азҵаара ҭакԥхықәра дула иазнеитәуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ҿыц ареспублика аҿы ахәыҷқәа ианаамҭоу, зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара азы даара иаҭаху акакәны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аобиект апроектҟаҵара мҩаԥнагоит аиҳарак ала амедицинатә усбарҭақәа рганахьала аус зуа Новосибирстәи апроекттә Институт.

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 00:08