Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

116 АԤШЬГАРАТӘ ГӘЫԤҚӘЕИ АПОЛИТИКАТӘ ПАРТИАҚӘА ԤШЬБЕИ РКАНДИДАТЦӘА ЫҚӘДЫРГЫЛЕИТ.

Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 19:54 164

Аҟәа.  Жәабранмза  7, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Жәабранмза 7 рзы Алхратә Комиссиа Хада Апарламент адепутатрахь акандидат  Смыр Џьони Уасил-иԥа алхырҭатә ҭыԥхада №19 (Аҩбатәи Гәдоуҭатәи ақалақьтәи) ала иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭанагалеит.

Зынӡа ажьырныҳәамза 21  инаркны жәабранмза 7 аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 116 аԥшьгаратә гәыԥқәеи хә-политикатә партиаки.

Зегьы реиҳа аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалахеит Аҟәа ақалақь алхырҭатә ҭыԥхада №7 ала. Урҭ рхыԥхьаӡара -жәба аҟынӡа инаӡоит.

Акандидатцәас иқәгылоу рыбжьара – 17-ҩык уажәы иҟоу (2017 – 2022 шш. ааԥхьара) Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа роуп. 

Жәабранмза 7 рзы иҟоу адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәа хәба рҟынтәи ԥшьба ркандидатцәа ықәдыргылеит:  Жәлар рпартиеи «Аиашареи аҿиареи рзы Жәлар рыфронт» - кандидатк-кандидатк ықәдыргылеит,  Аԥсны аекономикатә ҿиара Апартиа – ҩыџьа акандидатцәа,  «Амцахара»- жә-ҩык акандидатцәа.

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы азин рымоуп Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу  аполитикатә партиақәеи алхыҩцәа ргәыԥқәеи. Уи иҟоу Апарламент аилазаара азинмчы анҵәара хәымз шыбжьоу имҩаԥысыроуп.     

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара хыркәшахоит жәабранмза 10 рзы.

Апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза   12, 2022 шықәса рзы. 

 

Last modified on Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 21:56